Ельбрус аԥсшьацәа рыдкылара иазхиоуп

Ельбрус. Архивтә фото.
Ельбрус. Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ельбрус аиҭашьақәыргыларатәии агәаҭаратәии усқәа хыркәшоуп.

АҞӘА, абҵ 14 – Sputnik. Ельбрус ашьха аканаттә мҩақәа атехникатә гәаҭарақәа ирхысит, аԥсшьацәа рыдкылара иазхиоуп. Ихыркәшоуп аиҭашьақәыргыларатәии агәаҭаратәии усқәагьы.

Ирмазеиуп ақәшьқьрааратә мҩа "Азаур-Мир", уаҟа нанҳәамза аахижьҭеи аргыларатә усурақәа цон. Атехника ҷыда амҩа арҭбааит иагьарыцқьеит авулкантә сыпра аҟынтәи.

Уажәшьҭа амҩа аҭбаара 80 метра аҟынтәи, жәларбжьаратәи ашәагақәа ирықәшәо 200 аҟынӡа иацлеит, аура наӡоит 8000 метра.

Ирмазеиуп иара убас, иԥсабаратәым асы ҟазҵо ахархәагақәа, урҭ рыбзоурала амҩа асы агхо иҟалом.

Аԥсшьацәа аӡын ԥсшьарамшқәа феидала ирхыргарц азы алшарақәа аԥҵоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0