00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
Новости 14.00
Главные темы
14:05
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:36
10 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
2 мин
14:47
14 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
13 мин
Хра злоу ахҭысқәа
Путини Трампи реицәажәарақәа рылҵшәа: аполитолог игәаанагара
18:19
14 мин
Аицәажәара
Абӷархықәтәи ашкол аҿы арҽеиратә усурақәа цоит: аиҳабы лыҿцәажәара
18:33
12 мин
Новости
Главные темы
18:37
16 мин
Такие обстоятельства
Встреча лидеров России и США. Мнение дипломата
18:55
25 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Гәдоуҭа араион анхацәа 400 тонна аџьықәреи ҭаргалеит

© Sputnik Рада АжибаАџьықәреи
Аџьықәреи - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гәдоуҭа араион анхацәа сынтәатәи рҽаҩра ҭаргалеит.

Гәдоуҭа, абҵ 18 – Sputnik. Гәдоуҭа араион анхацәа мҽхакы ҭбаала аҽаҩраҭагалара иаҿуп. Ақыҭақәа  рҟны ана-ара иубоит аџьықәреи ҿызхо, аԥҳә зырххо, еиқәызҵо, аҟәыд зыԥшо, аҩы ҭазҭәо, ауаҭка зыршо анхацәа нагақәа. Егьа ус акәзаргьы, анхацәа  уамак еигәырӷьом сынтәатәи аҽаҩра, амаҷра иахашшаауеит.

Изеиԥшроузеи сынтәатәи аҽаҩра араионаҿ? Абри азҵааара аҭак ҟаиҵеит ақыҭанхамҩа азҵаарақәа ахылаԥшра рзызуа Гәдоуҭа араион ахада ихаҭыԥуаҩ Иури Кәарцхьиа.

″Аибашьра ашьҭахь ицәгьахеит анхара, ауаа рыбзазара аҽеиҭанакит, уи иахҟьаны,иахьатәи аамҭаз анхацәа аџьықәреи алаҵараз ирцәаӷәо амхы 2,300 дисҭын роуп, – иҳәеит Кәарцхьиа, – Сынтәатәи ашықәси ҵыԥхи еиҿҳарԥшуазар, 200 нызқь дисҭын еиҳаны аџьықәреи ларҵеит. Аџьабаа збаз анхацәа рҟны аҽаҩра алҵшәа бзиахеит. Иааидкылан Гәдоуҭа араион 400 тонна рҟынӡа аџьықәреи ҭаргалеит. Ашәыр акәзар, ҳаззыԥшыз еиԥш иҟамлеит, ажь, ахәырма, акиви кьылала иуԥхьаӡартә иҟоуп, акы заҵәык ҳзеигәырӷьо ацитрус ауп, 300-400 тонна рҟынӡа аура ыҟоуп″, –иҳәеит иара.

Аԥсны араионқәа зегьы иреиҳау араионқәа ируакуп Гәдоуҭатәи, иара еиднакылоит 20 қыҭа, уааԥсырала иугозар 27-нызқь ҩык ықәынхоит. Уаанӡа быжь-нызқь дисҭын амхы  рцәаӷәон,15-17 нызқь тонна рҟынӡа аџьықәреи аадрыхуан.

Ажәабжьқәа зегьы
0