АҞӘА, абҵ 19 — Sputnik. Аԥсни Урыстәылеи Рмилаҭтә библиотекақәа ашәҟәеимдараҿы аусеицураз еиқәшаҳаҭхеит, абри атәы ааицҳаит Амилаҭтә библиотека адиректор Борис Ҷолариа Санкт-Петербург имҩаԥгаз аиқәшәараҿы.
Аԥсны Амилаҭтә библиотека Урыстәылатәи абиблиотека ҳамҭас ианаҭеит 40 аԥсуа шәҟәыҩҩцәа рырҿиамҭақәа, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп Баграт Шьынқәба, Алықьса Гогәуа, Витали Амаршьан рышәҟәқәа.
Ашәҟәҩҩцәеи, аҵарауааи, ауаажәларратә усуаҩцәеи злахәу аиқәшәара азгәаҭоуп иааиуа ашықәс лаҵарамзазы. Уаҟа Аԥсни Урыстәылеи Рмилаҭтә библиотекақәа ԥхьаҟатәи русеицура иазку азҵаарақәа шьҭыххоит.