Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә драматә театр аартхоит абҵарамза анҵәамҭазы

Анапаҵаҩра
Абҵарамза анҵәамҭазы иазгәаҭоуп С. Ҷанба ихьӡ зху аҳәынҭқарратә театр аартра.

АҞӘА, абҵ 21 – Sputnik. Абҵарамза анҵәамҭазы иазгәаҭоуп С. Ҷанба ихьӡ зху аҳәынҭқарратә театр аартра, абри атәы ааицҳаит атеатр асахьаркыратә напхгаҩы Валери Ақаҩба.

"Аҟазара аганахь ала, атеатр аартра иазхиоуп, иаанхаз атехникатә зҵаарақәа роуп", — иҳәеит Ақаҩба.

Уажәазы, атеатр аҟны ахәаԥшыҩцәа ирыдгалахо аспектакльқәа рҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысуеит. Асценаҟны идырбахоит ахәаԥшыҩцәа еицырдыруа апиесақәа рцыԥҵәахақәа: Фазиль Искандер  "Махаз", Михаил Гәажәба "Гәараԥаа рписар", Уилиам Шекспир "Аԥсҭазаара ԥхыӡуп". Иара убас, атеатр аҟны иқәыргылахоит ҩ-пиеса ҿыцк: Баграт Шьынқәба "Ацынҵәарах", Николаи Островски "Иааԥкыз аԥарақәа". Аҵыхәтәантәи апиеса ҵыԥх Владикавказ имҩаԥгаз жәларбжьаратәи афестиваль "Ҳәаада асцена" аҳамҭа аиуит  иреиӷьу арежжисураеи актертә ҟазареиреи рзы.

Аԥсны аҳәынҭқарратә драматә театр – ихадоу театруп, раԥхьатәи адраматург Самсон Ҷанба ихьӡ ахуп. Атеатр аҟны аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ирылаган 2010 шықәсазы.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0