Аԥсны иҟанаҵаз алагалақәа Аиқәшаҳаҭра ҿыц аҿы иныжьын

© Sputnik Томас ТхайцукАԥсны иҟанаҵаз алагалақәа аанхеит Аиқәшаҳаҭра ҿыц аҿы
Аԥсны иҟанаҵаз алагалақәа аанхеит Аиқәшаҳаҭра ҿыц аҿы - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәыла Афедерациеи рыбжьара аусеицурази астратегиатә еиҩызареи рзы Аиқәшаҳаҭра Аԥсны иҟанаҵаз алагалақәа кьысрада иаанхеит.

АҞӘА, абҵ 25 – Sputnik.  Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәыла Афедерациеи рыбжьара аусеицуреи астратегиатә еиҩызареи рзы Аиқәшаҳаҭра Аԥсны аинтересқәа ирықәшәоит. Абри атәы Sputnik ахь иаарыцҳаит Аминистрцәа Реилазаара аҟны. Урҭ иара убас иазгәарҭеит, Аԥсны иҟанаҵаз алагалақәа кьысрада ишынхаз.

Урыстәыла еиқәдыршәаз Аиқәшаҳаҭра апроект адипломатиатә каналқәа рыла Аԥсныҟа иаашьҭын жьҭаара 13 рзы, иара убри аҽны икьыԥхьын Аҳәынҭқарра Ахада иаофициалтә саит аҟны.

Еиҿкаан аусратә гәыԥ Жәлар Реизареи Аҳәынҭқарра Ахада иадминистрациеи аусуцәа злахәыз. Аиқәшаҳаҭра аԥсуа версиа аԥцҵараан, иазгәаҭан ауаажәлар ргәаанагареи аполитикатә партиақәеи ауаажәларратә еидгылақәеи рабжьгарақәеи. Уи адагьы, Аиқәшаҳаҭра апроект нашьҭын Аҳәынҭқарра аминистррақәеи ахеилакқәеи рахь, аԥсахрақәа ралагаларазы.

"Аиқәшаҳаҭра иалагалаз аԥсахрақәа рзынархан Аԥсны аҿиареи, уи аинтересқәа рышьақәырӷәӷәареи. Апроект аус адулара иабзоураны ириашан уи ахәҭаҷқәеи ахқәеи. Убас, атәылауаҩра  иазку азҵаарақәа, еиду армчқәа реиҿкаара уҳәа убас иҵегь", — азгәарҭеит Аминистрцәа Реилазаараҿы.

Аминистрцәа Релазаараҿы иазгәарҭеит Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәыла Афедерациеи рыбжьара аусеицуреи астратегиатә еиҩызареи рзы Аиқәшаҳаҭра Аԥсны асоциалтә ҭагылазаашьеи, ашәарҭадареи азҵаарақәа рыӡбара иацхраауеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0