Ҭырқәтәылатәи аинвестициақәа Аԥсназы аинтерес рыҵоуп

© Sputnik / Александр Кондратюк / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАԥсназы аинтерес аҵоуп Ҭырқәтәылатәи аинвистициақәа
Аԥсназы аинтерес аҵоуп Ҭырқәтәылатәи аинвистициақәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсназы аинтерес рыҵоуп Ҭырқәтәылатәи аивестициақәа, урҭ алшара ҟарҵоит аусурҭа ҭыԥ ҿыцқәа раԥҵаразы.

АҞӘА, абҵ 25 – Sputnik. "Адипломатиатә зхаҵара шҳамамгьы, Ҭырқәтәылатәи абизнесменцәа Аԥсны азҿлымҳара маҷымкәа иазхьадырԥшуеит", — иҳәеит Арепатриациазы аилак ахада ихаҭыԥуаҩ Алиас Нанба Sputnik акорреспондент даниацәажәоз.

Нанба игәаанагарала, Аԥсны аинвистициа аганахь ала аусура арцыхцыхразы, уи иалахәу ауаа рыхьчара азҵаара ӡбатәуп.

"Иахьа ҳара ақыҭанхамҩатә аалыҵ ааҳхәоит егьырҭ атәылақәа рҿы, аха еиҳа феида алалон Аԥсны иааҳрыхлар. Убри аганахь ала Ҭырқәтәыла ақыҭанхамҩа знапы алаку рԥышәа акыр иҳахәоит. Жәаҳәарада, зегь раԥхьаӡа иргыланы урҭ ринвестициақәа шәарҭара рмоуа аҭагылазаашьа аԥҵатәуп", — иҳәеит уи.

Аԥсны аделегациа абҵарамзазы раԥхьаӡа акәны Ҭырқәтәыла ақалақь Адана имҩаԥгаз ақыҭанхамҩатә техника ацәыргақәҵа иалахәын.

"Макьана ҳара анаԥшыҩцәа раҳасаб ала ҳалахәуп ас еиԥш иҟоу аусмҩаԥгатәқәа, аха аиҿкааҩцәа азхиоуп алахәылацәак раҳасаб ала ҳалархәра. Иахьазы ҳара иаҳцәыуадаҩуп Ҭырқәтәылатәи афирмақәа рацлабра, аха алшра ҳауеит Ҭырқәтәыла ақыҭанхамҩа аусуаҩцәеи ҳареи ҳԥышәа аимдаразы", — азгәеиҭеит Алиас Нанба.

Аԥсуа ган иазԥхьагәанаҭоит Аԥсны ақыҭанхамҩа аганахь ала иамоу аԥеиԥш аҭҵааразы Ҭырқәтәыла ахаҭарнакцәа рааԥхьареи, анаҩс аус рыцуреи.

Ажәабжьқәа зегьы
0