АҞӘА, ԥхҷ — Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра агәыҳалалратә усмҩаԥгатәқәа ирыцнаҵоит. Аинтернет-аукцион "аномер ԥшӡа" рылаҳәан Очамчыра ақалақь, ауаажәларратә еиҿкаара "Гиуенос" имҩаԥнагоз агәыҳалалратә хәылԥаз аҟны.
"Адәныҟатәи аусқәа рминистрра асеиԥш агәыҳалалра акциақәа аҽрыланархәлоит анаҩсгьы. Ҳара ҳгәаанагарала зфинанстә лшарақәа маҷу аҭаацәарақәеи, ичмазцәоу ахәыҷқәеи рыцхраара иԥшьоу усуп, уи рхы аладырхәыр ахәҭоуп аҳәынҭқарратә усбарҭақәа зегьы рхаҭарнакцәа", — рҳәеит адәныҟатәи аусқәа рминистр апресс-маҵзураҿы.
Ари аусбарҭа аԥшьгара ҿыц ауаажәларра гәахәарыла ирыдыркылеит. Агәыҳаларатә акциа амҩаԥысшьа хаҭала ахылаԥшра аиҭоит аминистр Рауль Лолуа.