Аԥсуа драматә театр хәы-шықәсатәи аиҭашьақәыргылара ашьҭахь иаатуеит

© Sputnik Томас ТхайцукПрогон репертуара абхазского драмтеатра.
Прогон репертуара абхазского драмтеатра. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ихадоу адраматә сцена аатуеит хәы-шықәсатәи аиҭашьақәыргылара ашьҭахь.

АҞӘА, ԥхн 2 – Sputnik. Ирҿыцыз асцена аҟны Аԥсуа драматә театр атруппа инанагӡеит апремиера ҟалаанӡатәи ақәгылара.

Артистцәа инарыгӡеит жә-пиесак рҟынтә ахәҭақәа. Урҭ рахьтә быжьба ахәаԥшцәа иддырбахьан, "Махаз" Фазиль Искандер, "Гәараԥаа рписар" Михаил Бӷажәба, иара убас "Аԥсҭазаара ԥхыӡуп" Педро Кальдерон уҳәа уб. иҵ. Ҿыц асцена аҟны иқәыргылан аспектаклқәа ҩба – "Ацынҵәарах" Баграт Шьынқәба, иара убас "Иааԥку аԥарақәа" Александр Островски.

Атеатр арежиссиор Валери Ақаҩба иазгәеиҭеит, аԥсуа театр асцена аҟны иҟаӡам мыцхәы атеатртә маҭәахәқәа, адекорациа, иалыркаауеит актиорцәа рыхәмарра.

"Еиуеиԥшым маҭәахәыла иурԥшӡар ҟалоит асцена, ҳара урҭ наҟ инасҭхаҳгоит, излаҳалшо ала асценеи ҳхаҭақәеи ҳаҽхаҳтуеит", — иҳәеит Ақаҩба.

Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа драматә театр аиҭашьақәыргылараз иаркын 2009 шықәсазы.

Ажәабжьқәа зегьы
0