Археологцәа иҭырҵаауеит Гагра иԥшааз ижәытәӡатәиу анышәынҭра

© Фото : Гагра ТВАнтрополог Давид Канделаки на месте находки.
Антрополог  Давид Канделаки на месте находки. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Археологцәа Гагра иԥшааз аԥсыбаҩ ацәынхақәа рыҭҵаара иалагеит.

АҞӘА, ԥхн 2 – Sputnik. Аҵарауаа-археологцәа Гагра абҵарамза анҵәамҭазы ирыԥшааз аԥсыбаҩ ацәынхақәа рыҭҵаара нап аларкит.

Гагра аӡымҩангаратә система ҿыц алгараан Абааҭа абааш араион аҟны иԥшаан аԥҳәыс акрызхыҵуа лыԥсыбаҩ ацәынхақәа, иара убас  афибулеи, аџьаз иалху анапхаҵеи. Аҵарауаа изларҳәо ала, аԥсыбаҩ ацәынхақәа қәрала заатәи абжьаратә шәышықәсахь иаҵанакуеит. Археологцәа ргәаанагарала, ари аҭыԥ аҟны иҟан аԥсыжырҭа ду, иара убас абаҩ ацәынхақәа ахьыԥшааз ааигәара џьара иҟазар ауиет ижәытәӡоу анхарҭа ҭыԥ.
Аԥшаамҭа абзоурала уи апериод азы Аԥсны иқәынхоз аԥсуаа зеиԥшраз азы алкаа аҟаҵара ҟалоит.

"Ҳара иаҳбоит усҟантәи аамҭазы изеиԥшраз ажәлар рҭеиҭыԥш, ркульура. Аетнос жәларыкны ишьақәгылахьан, жәларык акәын иқәынхоз, иалагахьан аидыларатә процессқәа", – ҳәа ааицҳаит Д. Гәлиа ихьӡ зхыу Аԥсуаҭҵааратә институт аусзуҩы Зураб Хонӡиа.
Гагратәи амузеи-ҳәырԥсарра "Абааҭа" адиректор, Д. Гәлиа ихьӡ зхыу Аԥсуаҭҵааратә институт аусзуҩы Давид Канделаки игәаанаграла, аԥшаамҭа ихадоу аҭыԥ ааннакылоит Аԥсныжәлар ретногенез асахьа ашьақәыргылара аҟны.

"Ари аԥшаамҭа абзоурала иҳамоуп алшара уи ауаҩ иҭеиҭыԥш аиҭашьақәыргыларазы. Уи антропологиа ахь иаҵанакуа, ахә ҳарак змоу информациоуп, акрызҵазкуа хәҭоуп, аҵак ду амоуп аԥсуа жәлар рхылҵшьҭра аҭҵаара аҟны", – иҳәеит Канделаки.

Ари араион аҟны аԥшаамаҭа раԥхьаӡатәиӡам. Бжьы-шықәса раԥхьа абааш Абааҭа аҩада-мраҭашәаратәи абастион аҟны иԥшаан VII-тәи ашәышықәсахь иаҵанакуа аԥсыжырҭа.

Ажәабжьқәа зегьы
0