АҞӘА, ԥхҷ 6 — Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аусҭҵааратә комитет аиҿкааразы азакәан апроект хара имгакәа атәыла апарламент ахь инашьҭхоит, иҳәеит Аҧсны апрокурор хада Алексеи Ломиа.
Апрокурор хада иазгәеиҭеит, иҟало аиҭакрақәа шырныҧшуа аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистаррагьы: аминистрра ахы иақәиҭтәхоит аусҭҵааратә усмҩаҧгатәқәа рынагӡара аҟынтәи, хырҩа рынаҭалоит ацәгьоурақәа раарҧшреи урҭ зуа раанкылареи.
"Ихадоу принципс иҟоу, аусҭҵааратә комитет аиҿкаара иалнаршалаӡом аусҭҵааратә усмҩаҧгатәқәа рымҩаҧгараан даҽа ганкахьала анырра аҟалара", — иҳәеит Ломиа.
Алексеи Ломиа иажәақәа рыла, аструктура ҿыц иалалоит атәыла амчратә усҭбарҭақәа зегь рҟынтәи аусуаҩцәа. Урҭ ралхра мҩаҧгахоит еиҿкаахо аконкурс инақәыршәаны.
Апрокурор хада иҳәеит, еиҿкаахо аусбарҭа раҧхьатәи алҵшәақәа шубарҭахо 2015-тәи ашықәс иҭагӡаны