Инар Гыцба Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы Ҭырқәтәылеи Мрагылара Ааигәеи рыҟәша аиҳабыс аус иуан. Уажәы Аԥсны ахаҭарнакс Ҭырқәтәыла аус иуеит. Инар Гыцба Sputnik акорреспондент илзеиҭеиҳәеит Ҭырқәтәылеи Аԥсни реизыҟазаашьақәа шыҿио, уадаҩрақәас иҟоу. Адипломат диҿцәажәон Наала Аҩӡԥҳа.
– Аԥсны егьырҭ аҳәынҭқаррақәа реиԥш адәныҟатәи аполитикаҿы иамоуп ахатәы интересқәа. Аха аофициалтә еизыҟазаашьақәа ахьыҟам иахҟьаны адипломатиа аганахьала аполитика амҩаԥгара акыр иуадаҩуп. Абас иҟоу аҭагылазаашьаҿы Аԥсны Ахаҭарнакра Ҭырқәтәыла аусура шԥашьақәнаргыло?
– Аиашазы, ҳара иуникалтәу аамҭа ҳҭагылоуп. Ҳара иҳаргылоит зхы иақәиҭу, ихьыԥшым аҳәынҭқарра. Аха иарбан ҳәынҭқарразаалакгьы иҿиарц азы аҩызцәа амазар ауп. Уи аганахь ала Урыстәылеи ҳареи ҳаизыҟазаашьа аиҩызаратә, аицхырааратә шьаҭа ӷәӷәа амоуп. Егьырҭ аҳәынҭқаррақәа рыбжьарагьы аизыҟазаашьақәа рырҿиара ҳашьҭоуп.
Аԥсны имҩаԥнаго адәныҟатәи аполитика асистематә ҟазшьа амоуп. Адипломатиатә еизыҟазаашьақәа ахьҳамам атәылақәа рҟны аус аауеит аимадара ҳабжьаҵаразы, аиҩызара ашьақәыргыларазы. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп Ҭырқәтәылагьы.
Ҳусура азынархоуп Ҭырқәтәылеи Аԥсни рыжәларқәа рыбжьара традициала ишьақәгылоу аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа рырӷәӷәара, Ҭырқәтәыла Аԥсны ахыԥша бзиа аԥҵара.
Аԥсни Ҭырқәтәылеи русеицура хырхарҭа рацәала имҩаԥысуеит, урҭ рыбжьара акультура, аҵарадырра, аспорт, ахәаахәҭра. Аҵыхәтәантәи аамҭазы Ҭырқәтәыла ауаажәлари, ажурналистцәеи рганахь ала азҿлымҳара иазҳауеит.
– Ҭырқәтәыла инхоит хыԥхьаӡара рацәала кавказтәи адиаспора. Уи иабзоураны Ҭырқәтәылеи Аԥсни ганрацәла аимадара рыбжьаҵара иацхраауеит. Ишԥаҟоу иахьа адиаспореи шәареи шәеимадара?
– Иазгәасҭар сҭахуп, Ҭырқәтәылатәи адиаспора шықәса рацәала аҭагылазаашьа шаԥырҵоз Аԥсни Ҭырқәтәылеи аизыҟазаашьа бзиақәа рымазарц азы. Аԥсни Ҭырқәтәылеи ркультуратә еимадарақәа рырӷәӷәаразы рҵакы дууп уа иҟоу акультуратә центрқәа. Иҷыдоу азҿлымҳара азаҳуеит аԥсуа-адыгатә уаажәларратә еиҿкаарақәеи, Кавказ акультуратә центрқәеи Рфедерациеи аус рыцура.
– Шәара Ҭырқәтәыла Аԥсны ахаҭарнакс шәыҟеижьҭеи рацәак ҵуам. Ахаҭарнакра аусура ауадаҩрақәа ацуп. Иарбан уадаҩроу урҭ рахьтә ихадоу?
– Уаанӡеиԥш инханы иҟоуп асистематә ҟазшьа змоу ауадаҩрақәа. Аԥсны ахаҭарнакра аусура ахырхарҭа ҿыц аҭара ихымԥадатәиу усуп. Иазгәаҭатәуп, Ахаҭарнак инаигӡо анапынҵақәа ирыцҵазар шахәҭоу. Уи алыршаразы адиаспора аҩнуҵаҟа иҟоу аилибамкаарақәа ӡбашьак рыҭатәуп.
– Ҭырқәтәыла аиҳабыра имҩаԥыжәго аусқәа ишԥарзыҟоу?
– Иҟоу аҭагылазаашьа иаҿырԥшны ҳахәаԥшуазар, имҩаԥааго аусқәа Ҭырқәтәыла аиҳабыра адгылара арҭоит ҳәа аҳәара уадаҩуп. Ус шакәугьы, Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрреи Аԥсны Ахаҭарнакреи русмҩаԥгатәқәа ԥырхага роуам.
– Қырҭтәыла иамоу адипломатиатә лшарақәа ахы ианархәоит Аԥсны иҟанаҵо аԥшьгарақәа рҿагыларазы. Шәусураҿы Қырҭтәыла аганахьала ԥырхага шәоухьама?
– Қырҭтәыла аиҳабыра иахьа уажәраанӡагьы иалшо ҟанаҵоит Аԥсны адәныҟатәи аполитика аҿагыларазы. Уи ззынархоу Аԥсны амацәаз аҭакра ауп. Қырҭтәыла ақәыӷәӷәарала Ҭырқәтәылеи Аԥсни рыбжьара апаромтә еимадара аанкылахеит.
– Шәусура ахырхарҭа хадақәа ируакуп абизнестә еимадарақәа рырӷәӷәара. Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсны Ахаҭарнакра аартра аинвестициатә еизыҟазаашьақәа ишԥарныруеи?
– Ахаҭарнакра аусура еиҭашьақәнаргылеижьҭеи рацәак ҵуам. Макьаназы заацәоуп ари аганахь ала иҟалараны иҟоу алҵшәақәа рылацәажәара. Аха иаҳҳәар ҳалшоит, Аԥсны Ахаҭарнакра аартра абизнес знапы алаку ауаа агәрагара рыбжьаларазы ишус бзиоу.
– Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсны Ахаҭарнакра адипломатиатә усура аԥеиԥш шәышԥахәаԥшуа?
– Агәыӷра сымоуп Аԥсни Ҭырқәтәылеи рыжәларқәа реизыҟазаашьаҿы аҩаӡара ҿыц ааныркылап ҳәа. Ҳара еизаагәоу аигәылацәа ҳауп, иҵегь еиӷьны ҳаибадыруазар ауп. Ҳаизыҟазаашьақәа ахырхарҭақәа иреиуахар ауеит атуризм, акультуратә еимадарақәа, аҵарадырра, аспорт уҳәа. Ҭырқәтәылеи ҳареи ҳаизааигәартәуеит уаҟа хыԥхьаӡара рацәала инхо ҳашьцәа.
Агәра ганы сыҟоуп Аԥсни Ҭырқәтәылеи реизыҟазаашьақәа аԥеиԥш бзиа шрымоу.