Аҳҭнықалақь аҟны аԥсаҵла рхианы игылоуп

© Sputnik Томас ТхайцукАԥсаӡ хада рхиоуп аҳҭнықалақь аҟны
Аԥсаӡ хада рхиоуп аҳҭнықалақь аҟны - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ашықәс ҿыц аламҭалаз Аҟәа аԥсаҵла рҩычеит.

АҞӘА, ԥхҷ 9 – Sputnik. Ашықәс ҿыц ааигәахара инадҳәаланы аҳҭнықалақь аҟны аԥсаҵла дырхиеит. Аԥсаҵла ргылоуп ақалақь администрациа аҿаԥхьа иҟоу апарк аҟны. Уи аргылареи архиареи рнапы алакын аӡыргареи, аинформациеи ақалақь аиҿкаареи рзы Аҟәа ақалақь аусбарҭа.

"Аԥса архиараан хықәкыс иҳаман ҳмилаҭтә бираҟ аԥшшәқәа ирықәшәо аҟаҵара: аподиум аԥшшәы ҟаԥшьуп, аԥсаӡ ихшьу ахәмаргақәа рыԥшшәы ахәоуп, аԥса ҳәарада ииаҵәоуп", — лҳәеит Аҟәа ақалақь администрациа аҟны иҟоу аинформациеи ақалақь аиҿкаареи рзы аусбарҭа аиҳабы Асҭанда Гыцԥҳа.

Аԥса ԥсабаратәым, 18 метра инаӡоит, аеҵәа ахагылоуп. Аԥсаӡ иаакәыршаны ашықәс ҿыц иазку аскульптурақәа ргылахоит. Ашықәс ҿыц раԥхьатәи асааҭқәа рзы аԥсаҵла аҿаԥхьа еиҿкаахоит аныҳәатә хәылԥазы.

Аԥсақәа иара убас иргылахоит аҳҭнықалақь Аҳабла ҿыци, Аҳабла жәытәи рҟны. Хара имгакәа, Аҟәа амҩадуқәа ҩычахоит аныҳәатә лашарбагақәа рыла.

"Иҳалшо ҟаҳҵоит ҳақалақь аҟны аныҳәатә атмосфера аԥҵаразы", — лҳәеит Гыцԥҳа.

Ажәабжьқәа зегьы
0