Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-конференциа ахҳәаа

© Sputnik Томас ТхайцукАԥсны Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-конференциа
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-конференциа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Рауль Ҳаџьымбеи ажурналистцәеи реиԥылара сааҭки бжаки имҩаԥысуан, уи аамҭа иалагӡаны Аҳәынҭқарра Ахада азҵаарақәа жәпакы рҭак ҟаиҵеит.

АҞӘА, ԥхҷ 12 – Sputnik. Ашықәс ҿыц аламҭалазы Рауль Ҳаџьымба апресс-конференциа мҩаԥигеит. Ажурналистцәеи иареи реиԥылараан Аҳәынҭқарра Ахада рҭак ҟаиҵеит азҵаарақәа жәпакы, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп аекономика, асоциалтә ҿиара, аҩнуҵҟатәи аполитикатә ҭагылазаашьа, иара убас, Аԥсни Урыстәылеи реиқәшаҳаҭра ҿыц.

Аԥсны аекономикатә ҭагылазаашьа далацәажәо Рауль Ҳаџьымба иазгәеиҭеит уи иахьа акыр ишыуадаҩу.

"Аԥсны абиуџьет ахарҭәаара акыр ауадаҩрақәа ацуп", — иҳәеит Ҳаџьымба.

Уи ихәшьарала, аиҳарак иҵарны иқәгылоуп афымцамчи акоммуналтә нхареи рызҵаарақәа.

"Аԥсны аекономика ахырхарҭақәа зегьы аус руӡом. Уи зыхҟьо акыр шықәса инеиԥынкыланы аекономика арҿиаразы хықәкыла аус адулара ахьымҩаԥымсоз ауп. Аекономика арҿиаразы апрограмма ԥсахын акомплекстә план ала. Имҩаԥысуан асоциалтә ргыларақәа, аха уи аекономика ашьҭыхра иацхраауамызт", — иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахда.

Аԥсни Урыстәылеи реиқәшаҳаҭра иазкны, Ҳаџьымба иазгәеиҭеит уи адкылара шхымԥадатәиз.

"Уи иабзоураны ҳаизыҟазаашьақәа иҿыцу аҳаракыра роуеит", — ациҵеит уи.

"Аиқәшаҳаҭра ҳхы иархәаны ҳшәарҭадара иазку азҵаарақәеи, ҳҳәынҭкқарра азхаҵара азҵаарақәеи ҳаӡбар ауп. Уи адагьы, Урыстәылеи ҳареи ҳсоциалтә-економикатә еизыҟазаашьақәа еиӷьаҳтәыр ауп", — иҳәеит Рауль Ҳаџьымба.

"Иаартны исҳәар сҭахуп, Урыстәыла ҳганахьала агәрамгара шамоу. Изыхҟьогьы, урҭ иаарышьҭуаз афинанстә цхыраара уаанӡа ишахәҭоу иахьнырымхуаз ауп", — азгәеиҭеит Аҳәынҭқарра Ахада.

Рауль Ҳаџьымба иажәақәа рыла, Урыстәыла иаарышьҭуа ацхыраара ахырхарҭа шаԥсахуа, иагьшышьҭхо аекономика ареалтә сектор ахь.

Аҳәынҭқарра Ахада дызлацәажәоз азҵаарақәа иреиуоуп иара убас, Егрытәи агидрофымцалашаратә станциа.

"Аԥсны аҳәаақәа иахьрыҵанакуа иҟоу зегьы ҳауаажәлар иртәызар ауп", — иҳәеит уи.

Рауль Ҳаџьымба дазааҭгылеит иара убас, ақалақьқәеи ақыҭақәеи рхадацәа рнапынҵақәа рыцҵара шаҭаху.

"Ақалақьқәеи ақыҭақәеи рхадацәа рҿаԥхьа иқәгылоу азҵаарақәа рыӡбара анрылымшо рацәоуп урҭ иреиҳау анапхгаҩцәа рыда", — азгәеиҭеит уи.

Женеватәи аиҿцәажәарақәа ирызкны Аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит, Аԥсны ԥхьаҟагьы аиҿцәажәарақәа ишрылахәхо. Уи иаанарԥшуа алҵшәақәа рацәамзаргьы, Аԥсны иааннакыло апозициа адунеи аҟынӡа анагараз хәарҭара аланы иԥхьаӡоит уи.

Иааидкыланы Рауль Ҳаџьымбеи ажурналистцәеи реиԥылара мҩаԥысуан сааҭки бжаки, уи аамҭа иалагӡаны Аҳәынҭқарра Ахада ҩажәеижәаба зҵаара рҭак ҟаиҵеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0