Акәашаратә ансамбль "Кавказ" Донецки Лугански иқәгыланы ихынҳәит

© Sputnik / Томас ТхайцукАкәашаратә ансамбль "Кавказ" асахьаркыратә напхгаҩы, Аԥсны Жәлар рартист Кандид Ҭарба.
Акәашаратә ансамбль Кавказ асахьаркыратә напхгаҩы, Аԥсны Жәлар рартист Кандид Ҭарба. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуа акультура ацҳаражәҳәаҩцәа - ансамбль "Кавказ" Донецк иқәынхо ауааԥсыра рҟазарала ргәы дырӷәӷәеит.

АҞӘА, ԥхҷ 30 – Sputnik. Аԥснынтәи агуманитартә цхыраара иаццаз Донецки Лугански рыуаажәлар рҿаԥхьа иқәгылаз акәашаратә ансамбль "Кавказ" аҩныҟа ихынҳәит ҳәа ааицҳауеит ансамбль асахьаркыратә напхгаҩы  Кандид Ҭарба.

Агуманитартә цхыраара ашьҭра - Sputnik Аҧсны
Раԥхьатәи Аԥснытәи агуманитартә цхыраара Донецки Лугански рахь ишьҭуп

"Ари ашықәс азы ирацәаны ахҭысқәа ҳарҭысит, аха ари ахҭыс ҳара ҳзы зегь реиҳа аҵак ду змаз, аҭакԥхықәра ду зцыз ак акәын. Уахь ҳамҩахыҵра азҵаара анықәгыла ирацәаны сархәыцит, иҟан ашәарҭа ӷәӷәа, аха аҵыхәтәан иаҳгәаӷьит", – иҳәеит Ҭарба.

Аԥсны жәлар рартист иажәақәа рыла, ансамбль рықәгылара збаз ауаажәлар иааубаратәы ргәы шьҭыҵит. Агуманитартә цхыраара иаццеит иара убас Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистр Лев Кәыҵниеи, Аԥсны Жәлар Реизара адепутат Фазлыбеи Аҩӡбеи.

"Ари раԥхьатәи шьаҿоуп ҳҳәынҭқаррақәа реизааигәатәрахь, ҳаиҩызарахь. Иахьа Донецк иқәынхо ауааԥсыра зҭагылоу аамҭа цәгьа ҳара иаҳзааигәоуп, иаҳхаагахьоу ауп. Иаарласны иҟалааит аҭынчра", – иҳәеит агуманитартә цхыраара амҩаԥгара иалахәыз Аԥсны жәлар реизара адепутат Фазлыби Аҩӡба.

Донецк Аҳәаанырцәтәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Васили Пичугин ихьӡ ала Аԥсны аҳәынҭқарратә ансамбль алахәылацәа иранашьан аҳаҭыртә бӷьыцқәа.

© Sputnik / Томас ТхайцукАнсамбль "Кавказ" Донецки Лугански иқәгыланы ихынҳәит.
1/3
Ансамбль "Кавказ" Донецки Лугански иқәгыланы ихынҳәит.
© Sputnik / Томас ТхайцукАнсамбль "Кавказ" Донецки Лугански иқәгыланы ихынҳәит.
2/3
Ансамбль "Кавказ" Донецки Лугански иқәгыланы ихынҳәит.
© Sputnik / Томас ТхайцукАкәашаратә ансамбль "Кавказ" асахьаркыратә напхгаҩы, Аԥсны Жәлар рартист Кандид Ҭарба.
Акәашаратә ансамбль Кавказ асахьаркыратә напхгаҩы, Аԥсны Жәлар рартист Кандид Ҭарба. - Sputnik Аҧсны
3/3
Акәашаратә ансамбль "Кавказ" асахьаркыратә напхгаҩы, Аԥсны Жәлар рартист Кандид Ҭарба.
1/3
Ансамбль "Кавказ" Донецки Лугански иқәгыланы ихынҳәит.
2/3
Ансамбль "Кавказ" Донецки Лугански иқәгыланы ихынҳәит.
3/3
Акәашаратә ансамбль "Кавказ" асахьаркыратә напхгаҩы, Аԥсны Жәлар рартист Кандид Ҭарба.
Ажәабжьқәа зегьы
0