АҞӘА, ажь 26, Роберт Џьопуа. Амҽыша ауха, ажьырныҳәа 26 рзы ауаҩы иӷьычразы ахара зду Бадри Сигәуа Гәылрыԥшь араион ахь иаҵанакуа арратә госпиталь аҟынтә дыбналеит, абри атәы Аԥсны апрокуратура хада иаанацҳауеит.
Апрокуратура хада арзаҳал излаҳәо ала, 1979 шықәсазы ииз Бадри Сигәуа Очамчыра араион аӡбарҭа мыцхәы ихьанҭоу ацәгьоура аҟаҵара – ауаҩ иӷьычра азы ахара иднаҵеит. Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩы Баҭал Бигәаа иусура ҭакԥхықәрада азнеира ихы иархәаны дыбналеит, абри атәы аҳәоит апрокуратура хада апресс-маҵзура аацҳамҭа.
Арратә госпиталь хадахь Бадри Сигәуа дҭаргалеит ԥхынҷкәын 10, 2014 шықәсазы, апневмониа адиагноз иманы, насгьы иарӷьа шьапы афлегмона шамаз, абри атәы агоспиталь аиҳабы Зураб Ачба Sputnik акорреспондент иеиҳәеит.
"Сигәуа ҳара ҳахь данаагаз аҭагылазаашьа цәгьа дҭагылан. Ишьапы аҭәа ҭан, агәыҵәкра иман. Иаразнак дԥаҳҟеит, ахәышәтәратә курс изылҳаҩҩаит. Иахьа доуҳажьп ҳәа акәын", – иҳәеит Ачба.
Ибналаз иуада ашәқәеи, аԥенџьырқәеи аихала иԥахны иҟан. Амедусзуҩцәа амедицинатә процедурақәа рымҩаԥгарақәа раан Бадри Сигәуа дрымбаӡеит, иҳәеит Зураб Ачба.
Ажьырныҳәа 26 рзы Бадри Сигәуа ибналара афакт ала Гулрыԥшьтәи араионтә прокуратура ашьаус хацдыркит. Амилициа аусзуҩы Баҭал Бигәаа иганахь ала аус аилыргара ҟалаанӡатәи агәаҭарақәа рымҩаԥгара иаҿуп, уи алҵшәа ашьҭахь ашьаус хацдыркуеит.