Ахәыҷтәы етникатә фестиваль "Аиҩызаратә кәашареи – агәыӷра абжьи" мҩаԥысит Ражьден Гәымба ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә филармониаҿы. Афестиваль рхы аладырхәит Аԥсны араионқәа зегь рҟынтә ахәыҷтәы коллективқәа. Ахәаԥшыҩцәа алшара рыман аԥсуа, аурыс, аерман, абырзен уҳәа амилаҭқәа рыкәашарақәа рыхәаԥшреи, рашәақәа рзыӡырҩреи.

1/7
© Sputnik Томас Тхайцук
Ахәыҷтәы етникатә фестиваль "Аиҩызаратә кәашареи – агәыӷра абжьи" Аԥсны инхо ажәларқәа реизааигәатәра, урҭ реилибакаара арӷәӷәара иазынархоуп. Ахәылԥаз аҟны еиуеиԥшым амилаҭқәа ркультура ацәыргаразы алшара роуит.

2/7
© Sputnik Томас Тхайцук
Ахәыҷтәы кәашаратә ансамбль "Абаза" инарыгӡоит "Ачара кәашара".

3/7
© Sputnik Томас Тхайцук
Амузыкарҳәаҩ Алиона Зыхәԥҳа ҟазарала ажәытә аԥсуа инструмент ахымаа алырҳәоит.

4/7
© Sputnik Томас Тхайцук
Ансамбль "Афырҭын" акәашацәа хәыҷқәа рықәгыларала ахәаԥшцәа дыргәырӷьоит.

5/7
© Sputnik Томас Тхайцук
Ансамболь "Афырҭын" акәашацәа зегьы иреиҵбоу иҟазара ааирԥшуеит.

6/7
© Sputnik Томас Тхайцук
"Афырҭын" анаҩстәи рықәгылара.

7/7
© Sputnik Томас Тхайцук
Афестиваль алахәыла ахәылԥаз аартраан.