00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
18:00
31 мин
18:30
31 мин
21:00
31 мин
21:30
31 мин
On air
08:00
30 мин
On air
08:30
31 мин
On air
13:00
30 мин
On air
13:30
31 мин
On air
18:00
31 мин
On air
18:30
31 мин
On air
21:00
31 мин
On air
21:30
31 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Аԥснытәи аиқәырхаҩцәа Донецктәи рколлегацәа рԥышәа рымардоит

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистр Лев Кәыҵниа
Аԥсны аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистр Лев Кәыҵниа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Донецктәи аиқәырхаҩцәа рзанааҭтә ԥышәа аизырҳаразы Аԥсны иаҭааит.

АҞӘА, ажь 27 — Sputnik, Роберт Џьопуа. Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрра Донецктәи рколлегацәа анормативтә-зинтә шьаҭа ашьақәыргылараҿы ацхыраара рырҭоит, иҳәеит аминистр Лев Кәыҵниа.

"Украина алада-мрагыларатәи ахәҭа имҩаԥысуа ахҭысқәа зегьы гәцаракны иҳамоуп, убри аҟнытә иаҳдыруеит шәҭагылазаашьа шыуадаҩу. Шәыцхраара ҳазхиоуп. иаҭахны иҟаолзар ҳара ҳаспециалистцәагьы Донецкҟа ишәзынаҳашьҭуеит", — ҳәа реиҳәеит донецктәи аиқәырхаҩцәа Аԥсны аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистр Лев Кәыҵниа.

Донецк ари аусбарҭа ашьақәгылара аамҭа ианҭагылоу, егьа ԥышәа ҳамазаргьы иаҳԥырхагахом ҳәа Sputnik акорреспондент изеиҭеҳәеит Донецк Жәлар Рреспублика Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистр ихаҭыԥуаҩ Витали Покореев. 

"Аԥснытәи ҳколлегацәа ҳацхраарц азы иахәҭоу аԥышәа рымоуп. Раԥхьаӡа иргыланы, апрактика аганахьала, насгьы анормативтә-зинтә шьаҭа ашьақәыргылараҿы, ахылаԥшратә-профилактикатә усура аиҿкаараҿы", — иҳәеит Покореев. 

Донецк Жәлар Рреспублика Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистр ихаҭыԥуаҩ дицны Аԥсныҟа дааит аусбарҭа анормативтә-техникатә ҟәша аиҳабы Андреи Добарин. Ашәахьаҽны Лев Кәыҵниеи Апарламент адепутат Фазлыбеи Аҩӡбеи асасцәа алархәны аиԥылара мҩаԥыргеит.

Донецктәи аиқәырхаҩцәа раԥхьаӡа акәны Аԥсны иаҭаауеит. Ҳаԥхьаҟазы, Витали Покореев иажәақәа рыла, Донецки Аԥсныи реиқәырхаҩцәа апрофессионалтә еимадара рыбжьазаауеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0