Пушков: Урыстәыла ҳазҭоу ашықәс нҵәаанӡа ПАСЕ иалҵуеит

© Sputnik / Владимир Федоренко / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАлексеи Пушков. Архивтә фото.
Алексеи Пушков. Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ахаша имҩаԥысуаз ПАСЕ аилатәараҟны ирыӡбеит урыстәылатәи аделегациа мшаԥымзанӡа абжьыҭара азин амхзарц.

АҞӘА, ажь 29 – Sputnik. Европатәи Ахеилак Апарламенттә Ассамблеиа аҟны урыстәылатәи аделегациа аиҳабы Алексеи Пушков аҳәамҭа ҟаиҵеит ашықәс нҵәаанӡа Урыстәыла ПАСЕ ишалҵуа ала. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Ахаша Ахеилак аилатәараҿы ирыӡбеит урыстәылатәи аделегациа абжьыҭара азин рымырхырц. Уи аӡбамҭа аҭакс Урыстәыла аҳәамҭа ҟанаҵеит 2015 шықәса нҵәаанӡа Ахеилак ишалҵуа азы.

Аурыс делегациа аиҳабы ихаҭыԥуаҩ уаанӡагьы иҳәахьан Урыстәыла ПАСЕ ннажьыр шалшо атәы.

"ПАСЕ аҟнытә ҳколлегацәа рыршәара ҳаҿӡамызт, ара шьоукы ишырҳәо еиԥш. Ҳара иаҳҳәаз акызаҵәык убри оуп: дара рхатәы позициа рымазар, ҳаргьы ҳара ҳхатә позициа ҳамоуп. Уи зеиԥшроугьы, ҳара аӡәгьы иҳәара ҳгәы иҭаӡам ҳзинқәа ирыцышәҵа ҳәа", – азгәеиҭеит Пушков.

ПАСЕ иаднакылаз аӡбамҭа Пушков игәаанагарала европатәи апарлменттә диалг иазеицәахоит, избан акәзар урыстәылатәи аделегациа аламырхәӡакәа Урыстәыла иазку азҵаарақәа рыӡбара залыршахаӡом. Пушков иазгәеиҭеит, ас еиԥш иҟоу аҭагылазаашьаҿы Урыстәыла злахәу егьырҭ ахеилакқәа рҵакы шеиҳахало.

"ОБСЕ Апарламенттә ассамблеиа аусура еиҳа игәцаракны ҳҽалаҳархәлоит, уа аусеицуратә диалог еиҳа зинеиҟарала имҩаԥысуеит", – иҳәеит Пушков.

Ажәабжьқәа зегьы
0