Ахазынаҵәахратә система Аԥсны иаԥҵахоит

© Sputnik Томас ТхайцукАԥсны афинансқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Џьансыхә Нанба
Аԥсны афинансқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Џьансыхә Нанба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Абиуџьеттә нагӡаразы ахазынаҵәахратә система иалнаршоит абиуџьеттә ԥарақәа рыԥхьакра - Аԥсны афинансқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Џьансыхә Нанба.

АҞӘА, ажь 30 — Sputnik, Наала Аҩӡыԥҳа. Абиуџьет анагӡара иазынархоу ахазынаҵәахратә система алагалахоит абиуџьеттә ԥарақәа ахьцо-иахьаауа еиҳа иубаратәы иҟаларазы, иара убас еиҳагьы еффективла урҭ рныхразы, ҳәа Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит Аԥсны афинансқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Џьансыхә Нанба.

Ахазынаҵәахра (казначейство) ишиашоу абиуџьет аныхра иахылаԥшлоит, уи азы аҭакԥхықәрагьы ишеибгоу иара иадлоит, ациҵеит Нанба.

"Ахарџь зегьы ԥхьаӡарак ала ианыҟоу, аҳәынҭқарра ахазынаҵәахра асистемала еффетивла, насгьы ирласны урҭ иахьахәҭоу рышьҭра алшалоит. Ҳара иаҳбарҭахалоит аԥара зегь нымхкәа иахьынхаз ахырхарҭақәеи, мамзаргьы адефицит ахьыҟалаз ахырхарҭақәеи", — ҳәа азгәеиҭеит аминистр ихаҭыԥуаҩ.

Нанба игәаанагарала, ахазынаҵәахратә система абиуџьеттә ԥарақәа рыԥхьакра алнаршоит.

Абанктә система аус анауаз иаанхоз аԥарақәа ианаамҭоу рыԥхьаӡара уадаҩын, аҳасаббарақәа раан аҵыхәтәанӡа акәын ианеилкаахоз ишныхыз, уажәынахыс уи аус мариахоит избан акәзар имҩаԥысуа аԥаратә операциақәа зегьы, урҭ рцәынхақәеи ма шаҟа рзымхази иаразнак ала иаҳбалоит ҳәа ациҵеит Нанба.

Ахазынаҵәахратә система аусураан аԥарақәа ишиашоу ахархәаҩ ихыԥхьаӡарахь ишьҭхоит. Раԥхьатәи аетап аҟны ари асистема министррак аҿы иалагалахоит аус шауа абаразы. Анаҩс аминистррақәа зегьы ахазынаҵәахратә системахь ииагахоит. 

Ахазынаҵәахратә система иамоу аԥыжәарақәа ируакуп иара убас уи автоматизациа азуны иахьыҟоу, иара ахатәы программатә еиқәыршәарала еиҿкаауп. Ахазынаҵәахратә система Аԥсны Афинансқәа рминистрра аструктурахь иаҵанакуеит.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0