Асахьаҭыхыҩ Рауф Барцыц иусумҭақәа рцәыргақәҵа Маиҟәаԥ иаатит

© Фото : Зухра ГучетльАсахьаҭыхҩы Рауф Барцыц иусумҭақәа рцәыргақәҵа Маиҟәаԥ иаатит
Асахьаҭыхҩы Рауф Барцыц иусумҭақәа рцәыргақәҵа Маиҟәаԥ иаатит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥснытәи асахьаҭыхыҩ Рауф Барцыц иусумҭақәа рцәыргақәҵа раԥхьаӡа акәны Маиҟәаԥ иаатит.

АҞӘА, ажь 30 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Раԥхьаӡа акәны аԥсуа сахьаҭыхҩы Рауф Барцыц иусумҭақәа цәырган Адыгеиа мрагыларатәи амузеи Нхыҵ-Кавказтәи афилиал аҟны. Абри атәы Sputnik иазаарыцҳаит Аԥсны акультура аминистрраҿы.

Ацәыргақәҵаҿы иҟоуп аграфика, алитографиа, алитографиа, урҭ ирымҽхаркуеит Кавкази Аԥсни рҭоурых еиуеиԥшым аамҭақәа.

"Ауаа аинтерес рыманы ацәыргақәҵа иаҭаауеит, избанзар аусумҭақәа рҟны рҭоурых анырбаалоит", — иҳәеит Барцыц.

Асахьаҭыхҩы иажәақәа рыла, ацәыргақәҵа аартра далахәын Адыгеиа аԥыза-министр Мураҭ Кумпилов, уи ацәыргақәҵа қәҿиарала имҩаԥысырц азеиӷьеишьеит.

Рауф Барцыц Адыгеиа мрагыларатәи амузеи Нхыҵ-Кавказтәи афилиал аҟны иусумҭақәа рцәыргақәҵа мызкы иаартызаауеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0