АҞӘА, жәб 1 –Sputnik. Гонконг имҩаԥысуа апротесттә акциа хықәкыс иамоуп ақалақь ахада ауаажәлар рыбжьыҭарала далырхларц. Зықьҩыла ауааԥсыра ақалақь амҩадуқәа рахь ицәырҵит аплакатқәеи аҳаргь ҩежьқәеи кны. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости аинформациатә дырраҭара Франс Пресс ажәақәа рыла.
"Ҳара иаҳҭаху ҳаиҳабыра иҟанаҵо ашьаҿақәа ҳашрықәшаҳаҭым аарԥшроуп", — иҳәеит акциа алахәылацәа руаӡәк.
Апротесттә марш Гонконг имҩаԥысуа ҵыԥхтәи аизара Occupy protests иацнаҵоит, уи 50-нызқьҩык инарзынаԥшуа ауаа рхы аладырхәуеит, рҳәеит изинқәа рыхьчараз иқәԥо ахеилак (CHRF) алахәылацәа.
Гонконг аполициа излаанацҳауа ала, ақалақь аҟны ашәарҭадара аԥырҵоит ҩ-нызқьҩык аполициа аусуаҩцәа. Урҭ русура иабзоураны акциа мҩаԥызго ақалақь агәҭа аанырымкылап ҳәа агәыӷра рымоуп ашәарҭадара ахьчаҩцәа. Ҵыԥх апротесттә акциа иалахәыз ақалақь агәҭа ааныркылеит, аҳәынҭқарратә усбарҭақәа русура уи акыр иаԥырхагахеит.
Апротесттә акциақәа Гонконг рымҩаԥысра иалагеит 2014 шықәса цәыббра анҵәамҭазы. Аилаҩынтра иалагӡаны апротест иалахәыз ауаа рҽазыркит аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рахь анеира, урҭ рахьтә аӡәырҩы аанкылан, иҟалеит еиуеиԥшым ахәахәа-жьахәарақәа заузгьы. Гонконг имҩаԥысуа апротесттә акциақәа хықәкыс ирымоуп ақалақь ахада ауаажәлар рыбжьыҭарала иалхра алыршахарц. Иҳаҩсыз аԥхынразы апротест аиҿкааҩцәа абри азҵаара ала имҩаԥыргеит онлаин-референдум, уи рхы аладырхәит 800-нызқьҩык ауааԥсыра. Уи алҵшәақәа атәыла ахадара амчра амам ҳәа азырҳәеит.