Ауаажәларратә палата аҟны атуризм аҿиаразы аусуратә гәыԥ еилатәеит

© Sputnik Томас ТхайцукАуаажәларратә палата аилатәара.
Ауаажәларратә палата аилатәара. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ауаажәларратә палата аҟны еиҿкаау Аԥсны акурорт аҿиара азы аусуратә гәыԥ аҳәынҭқарра атуризмтә хырхарҭа аигьтәразы апарламенти Ахадеи рахь адгаларақәа ҟарҵоит.

АҞӘА, жәб 4 — Sputnik, Анжелика Бения. Ауаажәларратә палата аҟны еиҿкаауп Аԥсны аԥсшьареи атуризми рыҿиаразы аусуратә гәыԥ. Акурорт аҿиара азы аусуратә гәыԥ дахадыргылеит Надежда Венедиктова.

"Атуризм азҵаарахь азҿлымҳара аизҳара иаҭаху аконцепциақәа рышьақәыргылара иацхраауеит. Ирласны аԥара арҳара акәӡам ҳзызхәыцша, ҳара ҳазхәыцроуп Аԥсны иреиӷьу аԥсшьарҭа аҭыԥ аанкылара ҳшацхырааша", – лҳәеит Венедиктова.

Апроблемақәа рылацәажәара иалахәын Ауаажәларратә палата алахәылацәа, Аԥсны Аҳәынҭқара Ахәаахәҭра-ааглыхратә Палата ахаҭарнакцәа, аԥсшьареи атуризми рзы аҳәынҭқарратә комитет ахаҭарнакцәа, Гагра араион администрациа ахада ихаҭыԥуаҩи Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет ахаҭарнакцәеи.

Аилацәажәара цонаҵы ишьҭыхын атуризм иадҳәалоу еиуеиԥшым апрблемақәа: аԥсшьареи атуризми рзы аԥышәа змоу аспециалистцәа разымхара, ахаҭабзиара лаҟә змоу аԥсшьацәа рымаҵура, атуризм азы азакәан аԥсахра.

Иара убас аилацәажәара аҟны Аԥсны аԥсшьаратә конкурент аҭыԥқәа ҳәа иазгәаҭан Шәача, Ҭырқәтәыла, Египет.

Иааиуа амшқәа рзы Ауаажәларратә палата ақыҭанхамҩатә зҵаарақәа ирызкны аилатәара мҩаԥнагоит.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0