Аҟәа ақалақьтә усӡбара ашәахтә амшәараз ашьаус закәаным ҳәа иаԥхьаӡеит

© Sputnik Томас ТхайцукАҟәа ақалақьтә усӡбара ашәахтә амшәараз ршьаус закәаным ҳәа иаԥхьаӡеит
Аҟәа ақалақьтә усӡбара ашәахтә амшәараз ршьаус закәаным ҳәа иаԥхьаӡеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәа ақалақьтә усӡбарҭа ақәшаҳаҭхеит Аҳәынҭқарратә компаниа "Амшынеиқәафымцамч" ԥасатәи ахада Резо Занҭариеи, абухгалтер хада Лиудмила Сысаки рыхьчаҩцәа рышшаԥхьыӡ Апрокуратура хада ихацнаркыз аусҭҵааразы. Урҭ ишырԥхьаӡо ала, Занҭариеи Сысаки аҳәынҭқаррахь 8 186 426 мааҭ ашәахтә рымшәеит.

АҞӘА, жәб 6 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Рустам Чагәаа хадас дызмаз Аҟәа ақалақьтә усӡбарҭа аилатәара ақәшаҳаҭхеит Резо Занҭариеи Лиудмила Сысаки рыхьчаҩцәа рышшаԥхьыӡ Апрокуратура хада ихацнаркыз аусҭҵааразы. Абри атәы Sputnik акорреспондент иааицҳаит аусӡбара аилатәара аҟынтә.

Апрокуратура хада ишаԥхьаӡо ала Ареспубликатә унитартә хеилак "Амшынеиқәафымцамч" аҳәынҭқарра абиуџьет ахь иамшәаӡеит 8 186 426 рублей мааҭ, ашәахтә ашәаразы азакәан инақәыршәаны.

Лиудмила Сысак лажәақәа рыла ирыдҵоу ахара ҵаҵӷәы шамам, избанзар Аԥсны асоциалтә-економикатә рҿиаразы аплан ишаҳәо ала аргыларатә организациақәа ашәахтә аҟынтә рхы иақәиҭтәуп.

Аӡбаҩ Чагәаа иазгәеиҭеит Резо Занҭариеи Ликдмила Сысаки рганахь ала ашьаус ахацыркра закәанеилагаларала ишымҩаԥгаз.

"Аӡбара агәра ганы иҟоуп Аҳәынҭқарратә компаниа "Амшынеиқәафымцамч" аусура агәаҭараан, Апрокуратура хада дадыргалар акәын ашәахтә алхраз аинспектор", — иҳәеит Чагәаа.

Аӡбаҩ иажәақәа рыла  "Амшынеиқәафымцамч" ашәахтә ашәаразы ауал шақәым шьақәнарӷәӷәоит ашәахтә гәаҭарақәа рактқәа рҟны.

Убри аҟнытә, Аҟәа ақалақьтә усӡбарҭа ақәшаҳаҭхеит Аҳәынҭқарратә компаниа "Амшынеиқәафымцамч" ԥасатәи ахада Резо Занҭариеи, абухгалтер хада Лиудмила Сысаки рыхьчаҩцәа рышшаԥхьыӡ, ашьаус изакәанымкәа ишхацыркыз.

Аҟәа ақалақьтә усӡбара иаднакылаз аӡбара  жәамш ирылагӡаны Аԥсны иреиҳау аусӡбарахь ишьҭызар ауеит аиҭахәаԥшразы.

Ажәабжьқәа зегьы
0