АҞӘА, жәб 6 – Sputnik, Анастасиа Никонова. Аԥсны ашәҟәышьҭаҵарҭатә система аҽеиҭакрақәа рышәхамс илагылоуп, абри атәы Аԥсны амилаҭтә библиотека Борис Ҷолариа Sputnik акорреспондент иаиҳәеит.
"Аргыларатә усурақәа анхырқәшахалакгьы ашьҭахь ашәҟәышьҭаҵарҭа иахьатәи астандартқәа ирықәшәо иҟалоит, еилазаашьала еиуеиԥшым аинформациатә ресурсқәа рыла иҭәызаауеит", – ҳәа азгәеиҭеит Ҷолариа.
Адиректор иажәақәа рыла 70 % арҽеиратә усурақәа хыркәшоуп. Аргылара аҟны иԥсахуп ахыб, аԥенџьырқәа, ашәқәа, афымццәаҳәақәа нагоуп, акондиционертә системала еиқәыршәоуп.
Борис Ҷолариа еиҭеиҳәеит аобиект аҟны аусурақәа ишахәҭоу ишымҩаԥырго. Афымца анагаҩцәеи, ашьыхыҩцәеи, амалиарцәеи, акафель ықәызҵои аус еицыруоит. Ахыбра аплан ԥсахуп, аҵакырадгьыл даҽа 400 квадраттә метра ацҵоуп, уаҟа иҟазаауеит ахәыҷтәы уадеи, аҿар рзы ауадеи. Зылшара ԥку ахәыҷқәа рызгьы ауада алхуп.
"Ҳхырхарҭа хада – ашәҟәышьҭаҵарҭатә фонд иахьатәи астандартқәа ирықәшәо иҟоу ахыбра ҿыц ахь аиагара ауп. Уи иаԥхьо зегь рзы иҳамҭазаауеит", – иҳәеит Борис Ҷолариа.
Аиҭашьақәыргыларатә усқәа раан ашәҟәышьҭаҵарҭа аусзуҩцәа аусура иаҟәымҵӡеит. Афонд абжа Аҟәатәи амилаҭтә шәҟәышьҭаҵарҭа ахь ииагоуп, уаҟа аԥхьаҩцәа ирҭаху алитература рхы иадырхәыр ҟалоит.
Иаанхаз алитература Аҟәатәи аиндустриалтә коледж аҟны иҵәахуп.
Борирс Ҷолариа иажәақәа рыла, ашәҟәышьҭаҵарҭа аколлектив иахьатәи аиқәыршәарақәа рҵара иаҿуп.
"Ари ашықәс ҳара ҳзы аҭакԥхықәра ацуп, ахыбра иҿыцу, иахьатәи аамҭа иақәшәо аиқәыршәарақәа рыла еибаҳҭароуп. Аколлектив зегьы ашәҟәышьҭаҵарҭа аартра иазыԥшуп", – иазгәеиҭеит Ҷолариа.
Иван Папасқьыр ихьӡ зху амилаҭтә шәҟәышьҭаҵарҭа аҟны арҽеирақәа 2012 шықәсазы иалагеит. Аобиект Аԥсны Аҳәынҭқарра асоциал-економикатә ҿиара акомплекстә план ахь иаҵанакуеит. Аргыларатә усурақәа "Аԥсныргылара" имҩаԥнагоит. Аԥсны амилаҭтә шәҟышьҭаҵарҭа лаҵарамзаызы иаадыртуеит.