00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
Новости 14.00
Главные темы
14:05
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:36
10 мин
18:00
30 мин
18:30
31 мин
21:00
30 мин
21:30
31 мин
On air
08:00
30 мин
On air
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
Ихадоу атемақәа
13:06
10 мин
Ажәабжьқәа 13:30
Ихадоу атемақәа
13:32
10 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:07
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
10 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Елена Образцова лгәаларшәаратә концерт аҿы лыԥҳа ашәа лҳәоит

© Sputnik / Владимир Вяткин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЕлена Образцова аҵыхәтәантәи лымҩахь лынаскьагара
Елена Образцова аҵыхәтәантәи лымҩахь лынаскьагара - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аопереатә шәаҳәаҩы Елена Образцова лыԥсҭазаара далҵит 76 шықәса дшырҭагылаз, ажьырныҳәа 12 рзы, Германиа.

АҞӘА, жәб 8 – Sputnik. Елена Образцова лгәаларшәара иазку аконцерт мҩаԥысуеит Чаиковски ихьӡ зху Москватәи аконсерваториа азал маҷ аҟны амҽыша – уи алахәылацәа дыруаӡәкуп ашәаҳәаҩ лыԥҳа Елена Макарова. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Елена Образцова лыԥсҭазаара далҵит 76 шықәса дшырҭагылаз, ажьырныҳәа 12 рзы, Германиа. Ашәаҳәаҩ аҵыхәтәантәи лымҩахь дахьынаскьаргоз Атеатр ду ахь имҩахыҵит зықьҩыла ауааԥсыра. Уи анышә дамардеит Новодевичитәи аԥсыжырҭаҿы.

Елена Образцова аҵыхәтантәи лымҩахь днаскьаргоит

Жәабран ааба рзы иазгәаҭаз Елена Образцова лконцерт ахаҭыԥан асимволтә ҵакы змоу лынаскьагара аҳасаб ала амҩаԥгара ӡбан, иагьахьыӡхеит "Елена Образцова илзынархоуп…".

Елена Образцова лгәалашәара иазку аконцерт далахәхоит уи лыԥҳа, Елена Макарова (меццо-сопрано), иара убас, аоператә шәаҳәаҩцәа: Иулиа Лежниова, Анна Аглатова, Борислав Струлев уҳәа.

Урыстәылатәи меццо-сопрано, СССР жәлар рартистка диит ԥхынгәымза 7, 1939 шықәсазы Ленинград. Уи зҳәаа акыр итбааз лконцерттә репертуар иалан 100 инареиҳаны XVIII-XX ашәышықәсақәа ирыҵаркуа акомпозиторцәа русумҭақәа: аоператә, акамератә, акантата-ораториатә аурыс ашәақәа, ажәытә романсқәа, аклассикатә опереттақәа уҳәа. Аиҳарак лассы-лассы иналыгӡон Георги Свиридов илзикыз авокалтә цикл "Десять песен на стихи Александра Блока" аҟынтәи аԥҵамҭақәа. Свиридов лымкаала Образцова лзы Сергеи Есенин иажәеинраалақәа рыла ииҩыз апоема ҿыц аредакциа азиуит, аханатә уи абаритонтә бжьазы иҩын.

Ажәабжьқәа зегьы
0