Асахьаҭыхҩы, аскульптор Гиви Смыр ицәыргақәҵа Аҟәа иаатит

© Sputnik Томас ТхайцукАсахьаҭыхҩы, аскульптор Гиви Смыр ицәыргақәҵа Аҟәа иаатит
Асахьаҭыхҩы, аскульптор Гиви Смыр ицәыргақәҵа Аҟәа иаатит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гиви Смыр иусумҭақәа рцәыргақәҵаҟны ицәыргоуп ҵакылеи ҟазшьалеи еиуеиԥшым асахьақәеи аскульптурақәеи, апеизажтәқәа инадыркны афилософтәқәа рҟынӡа.

АҞӘА, жәб 10 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Асахьаҭыхҩы, аскульптор Гиви Смыр иусумҭақәа рцәыргақәҵа аатит аҩаша Аԥсны Асахьаҭыхыҩцәа реидгыла ацәыргақәҵатә зал хада аҟны.

Автор иусумҭақәа Аԥсны аҭоурыхи иахьатәи аԥсҭазаашьеи рныԥшуеит ҳәа азгәеиҭеит асахьаҭыхҩы Адгәыр Амԥар.
"Ҳажәлар рфырхаҵаратә епос, рлакәтә дунеи бзиаӡаны иаарԥшуп Гиви Смыр иусумҭақәа рҿы. Урҭқәа зегьы иахьатәи аҳаԥсҭазаарагьы иақәҿырҭуеит", – иҳәеит Амԥар.

Гиви Смыр излаиҳәо ала, нарцәытәи аԥсҭазаара ахаҿсахьақәа ирҿиараҿы ирацәаны изаныԥшуа уи ауп – аԥсреи аԥсҭазаареи ирыдҳәалоу ахаантәи азҵаарақәа ҭаха ирҭом азы.

"Амилаҭ ҭынхахьы иаҵанакуа аҟазара аҩысҭаа иаҿаԥҽра атема аныԥшуазароуп. Амцқьара иазымиааиз ауаҩы ихықәкы изынагӡом", – ҳәа азгәеиҭеит Смыр.

Акультуреи аҭоурыхтә-культуратә ҭынха ахьчареи рминистр Ельвира Арсалиа иазгәалҭеит Гиви Смыр иусумҭақәа рыҩнуҵҟатә еилазашьаала акыр ишбеиоу.

"Гиви Смыр иаԥиҵаз адгьыл аҵаҟатәи адунеи —ҭабара зқәым арҿиаратә гәалаҟазаара иахыҵхырҭоуп. Араҟа иубоит амифологиатә фырхацәа, иџьашьахәу ахаҿсахьақәа", — лҳәеит Арсалиа.

Гиви Смыр иусумҭақәа рцәыргақәҵа аартызаауеит жәабран 20-нӡа.

© Sputnik Илона ХварцкияОткрытие выставки Гиви Смыр. Фото с места события.
Открытие выставки Гиви Смыр. Фото с места события. - Sputnik Аҧсны
Открытие выставки Гиви Смыр. Фото с места события.
Ажәабжьқәа зегьы
0