АҞӘА, жәб 11 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Рустам Чагәаа хадас дызмаз Аҟәа ақалақьтә усӡбарҭа аилатәара ақәшаҳаҭхеит Резо Занҭариа дзыхьчоз адукатцәа рышшаԥхьыӡ Апрокуратура хада ихацнаркыз аусҭҵааразы. Абри атәы Sputnik акорреспондент иааицҳаит аусӡбара аилатәара аҟынтә.
Апрокуратура хада ишаԥхьаӡо ала, Резо Занҭариа иусуратә уалԥшьақәа дахьырхысыз иахҟьаны аҳәынҭқараа аԥхасҭа аиҭеит ф-миллионк инареиҳаны рыла. Апрокурорцәа иазгәарҭоит Занҭариа аусзуҩцәа амаҵураныҟәарахь ишьҭуан ҳәа.
Ахьчаҩцәа иазгәарҭоит Аҳәынҭқарратә еилахәыра "Амшынеиқәафымцамч" ашәахтәқәа зегь шашәаз, уи зыршҳаҭуа ақьаадқәагьы шыҟоу.
Аӡбаҩ аус аганқәа зегь гәаҭаны алкаа ҟаиҵеит Резо Занҭариа иганахь ала ихацыркыз аус закәаным ҳәа.
Аҟәа ақалақьтә усӡбара иаднакылаз аӡбара жәамш ирылагӡаны Аԥсны иреиҳау аусӡбарахь аиҭахәаԥшразы ишьҭызар ауеит.