Аахыҵ Уаԥстәыла хабарда ибжьаӡыз рыԥшааразы Аԥсны аԥышәа аҿнаҵаауеит

© Sputnik Томас ТхайцукАахыҵ Уаԥстәыла хабарда ибжьаӡыз рыԥшааразы Аԥсны аԥышәа аҿнаҵаауеит
Аахыҵ Уаԥстәыла хабарда ибжьаӡыз рыԥшааразы Аԥсны аԥышәа аҿнаҵаауеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи хабарда ибжьаӡыз рыԥшаараз аԥышәа еимырдоит Аахыҵ Уаԥстәылатәи ауаажәларратә камитет "Агәалашәареи", "Аԥсны анацәа рхеилак" имҩаԥырго апроект.

АҞӘА, жәб 11 – Sputnik, Наала Аҩӡԥҳа. Аахыҵ Уаԥстәылатәи ауаажәларратә камитет "Агәалашәара" Аҟәа иааит Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан хабарда ибжьаӡыр ауаа рыԥшаараз "Аԥсны анацәа рхеилак" иамоу аԥышәа аҿҵааразы.

Хабарда ибжьаӡыр рыԥшаара ари акыр ахарџьи аџьабааи зцу усуп ҳәа Sputnik акорреспондент иалҳәеит ауаажәларратә хеилак ахантәаҩы Гәыли Кьычԥҳа. Уи лажәақәа рыла урҭ рус ибжьаӡыз ауаа рҭаацәа ианырзеилымкаауаз ыҟан.

"Акырӡа ирацәаны аҭаацәарқәа ихарҵомызт ҳусура алҵшәа аиуеит ҳәа. Иҟалалон урҭ ҳанрыҳәоз р-ДНК ҳарҭарц азыҳәан аԥшаарақәа рымҩаԥгаразы", — лҳәеит Кьычԥҳа.

Акомитет "Агәалашәара" ахантәаҩы Лидиа Куӡиева лажәақәа рыла Аахыҵ Уаԥстәыла хабарда ибжьаӡыз рыԥшаара аԥырхага анаҭоит Қырҭтәыла иҭахаз Аахыҵ Уаԥстәыла аибашьцәа рыбаҩқәа рыҭара ақырҭқәа мап ахьацәыркуа. Куӡиева излалҳәо ала урҭ рхыԥхьаӡара наӡоит 150 рҟынӡа.

"Жәларбжьаратәи аиҿкаара акыр аҽазышәарақәа ҟанаҵеит, аха Қырҭтәыла ари азҵаара аӡбараҿы шьаҿак ҳара ҳганахь иҟарымҵеит. Аџьар ҟаԥшьи ҳареи Қырҭтәылаҟа иҳашьҭит жәиԥшьҩык ақырҭқәа рыԥсыбаҩқәа. Аха дара рганахь ала ҳара ҳахь аӡәгьы ибаҩ аармышьҭит", — лҳәеит Куӡиева.

Хабарда ибжьаӡыз рыԥшааразы аԥышәа аимдара мҩаԥысуеит Аахыҵ Уаԥстәылатәи ауаажәларратә камитет "Агәалашәареи", "Аԥсны анацәа рхеилаки" имҩаԥырго апроект ала. Ари раԥхьатәи еиԥыларам, шықәсык уажә аԥхьа ДНК алабораториатә анализқәа рымҩаԥгараан Аахыҵ Уаԥстәыла ахаҭарнакцәа Аԥсныҟа иааит аԥышәа амдаразы.

Ажәабжьқәа зегьы
0