Украина ақәшаҳаҭӡам Урыстәылеи аимадаратә гәыԥи рыдгаларақәа

© Sputnik / Михаил Палинчак / Амедиаҵәахырҭахь аиасраУкраина ақәшаҳаҭӡам Урыстәылеи аимадартә гәыԥи рыдгаларақәа
Украина ақәшаҳаҭӡам Урыстәылеи аимадартә гәыԥи рыдгаларақәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Киев ақәшаҳаҭӡам Донецки Лугаски жәлар республикақәа рыстатус, насгьы амчқәа реиҟәыгара аҭыԥ.

АҞӘА, жәб 12 – Sputnik. Украина ақәшаҳаҭӡам Урыстәыла иҟанаҵаз ажәалагала, Донбасс еибашьуа аганқәа реиҟәгара ацәаҳәазы, иара убас Донецки Лугански жәлар республикақәа рыстатус. Абри атәы аанацҳауеит  Sputnik Белоруссиа, аиҿцәажәарақәа ирзааигәоу ахыҵхырҭа аинформациа ала.

Уи адагьы ахыҵхырҭа ишаанацҳауа ала, аимадаратә гәыԥ ишьақәнамырӷәӷәеит Украина аҭагылазаашьа аӡбаразы адокумент.

"Украина зықәшаҳаҭым –  еибашьуа аганқәа реиҟәгара ацәаҳәа алкааразы Урыстәыла иҟанаҵаз ажәалагала ауп, иара убас, Донбасс астатус", — иҳәеит Sputnik акорреспондент дзыҿцәажәоз.

Уажәазы, Минск Ахьыԥшымра Ахан аҟны имҩаԥысуз аиҿцәажәарақәа хыркәшоуп. Уи иалахәын Меркель, Олланд, Порошенко, Путин, ааицҳауеит Sputnik Белоруссиа акорреспондент.

Ажәабжьқәа зегьы
0