Урыстәыла иреиҳау аҵараиурҭақәа аҵаразы ахәԥса шьҭырхыр алшоит

© Sputnik / Алексей Куденко / Амедиаҵәахырҭахь аиасраИреиҳау аҵараиурҭақәа рахь адокументқәа ралаҵара. Архивтә фото.
Иреиҳау аҵараиурҭақәа рахь адокументқәа ралаҵара. Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәылатәи иреиҳау аҵараиурҭақәа рнапы зҵарыҩҩхьоу аилаӡара аиҭахәаԥшра рылшаӡом, аха аиқәшаҳаҭра ҿыц ала, аинфлиациа аҳәаақәа ирҭагӡаны аҵара азы ахәԥса шьҭырхыр рылшоит.

АҞӘА, жәб 12 – Sputnik. Аинфлиациа аццакра ахарала ҳазҭагылоу ашықәс азы Урыстәылатәи иреиҳау аҵараиурҭақәа рҟны аҵара ахә шьҭыҵыр алшоит, абри атәы аанацҳауеит РИА Новости, Урыстәыла аҵарадырреи аҭҵаареи рминистр ихаҭыԥуаҩ Александр Повалко иажәақәа ааго.

Александр Повалко иажәақа рыла, арҵаразы напы зҵаҩҩу аилаӡарақәа арҿыцрақәа рзалагалаӡом. Урыстәыла аҵарадырра аминистрра аилаӡара ҿыцқәа реиҿкаара аҵаразы ахәԥса аинфлиациа аҳәаақәа ирҭагӡаны ашьҭыхра иазкызаауеит.

Повалко ишиҳәаз ала, ишакәым ирықәныҟәеит, ма иреиҳау аҵараиурҭақәа ирацәаны ахә шьҭырхцәеит ҳәа аинформациа змоу зегьы аминистррахь иаарыцҳар рылшоит.

Ааигәа ирҳәахьан, аеономикатә кризиси аинфлиациа ирласны ашьҭыҵреи ирыхҟьаны Урыстәыла ауниверситетқәа рҟны аҵаразы ахәԥса иацырҵоит ҳәа. Уи азҵаара ала ргәынамӡарақәа рҳәахьан ауаажәларратә усзуҩцәеи адепутатцәеи. Урыстәыла аҵареи аҭҵаарадырреи рминистрра иреиҳау аҵараиурҭақәа рахь аҵаразы ахәԥса шьҭырымхырц азы адгалара зну ашәҟы рышьҭит, иара убас уаҟа иануп аҵарадырратә маҵуракәа рзы ахәқәа рмониторинг шымҩаԥгахо атәы.

Ажәабжьқәа зегьы
0