АҞӘА, жәб 18 — Sputnik. Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лаврови Аахыҵ Уаԥстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Давид Санакоеви ахашаҽны Москва рнапы аҵарҩит аҳәынҭқарратә ҳәаазы аиқәшаҳаҭра, ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.
Аиқәшаҳаҭра нап аҵаҩуп аминистрцәа реиҿцәажәарақәа рышьҭахь.
Уаанӡа Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы ирҳәахьан аиқәшаҳаҭра акрызҵазкуа шьаҿахоит ҳәа аҩ-тәылак русеицура азинтә база ашьақәыргылараҿы.