Аҳәынҭқарратә сахьатә галереиа афонд ашәарҭара иҭагылоуп – Сақаниа

© Sputnik / Томас ТхайцукАсахьатә галереиа.
Асахьатә галереиа. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аҳәынҭқарратә сахьатә галереиа аусзуҩцәа амузеи атеатрқәеи реиҭашьақәыргылара ашьҭахь агалереиа аус адулара иалагап ҳәа игәыӷуеит, избан акәзар 4 нызқь сахьа ашәарҭара иҭагылоуп.

АҞӘА, 19 фев – Sputnik, Анжелика Бениа. Аԥсны Аҳәынҭқарратә асахьатә галереиа афонд аамҭалатәи аҵәахырҭа, аусзуҩцәа ирацәаны аус шадырулогьы, ашәарҭара иҭагылоуп, абри атәы агалереиа аиҳабы Сурам Сақаниа Sputnik акорреспондент иаиҳәеит.

"Аамҭалатәи аҵәахырҭаҟны иҟоу аусумҭақәа ҳмилаҭтә малуп, ҳмазароуп. "Ҳахьтәы фонд" ас еиԥш иҟоу аҭыԥ аҟны ицәахызар ҟалаӡом, уи цәгьоуроуп", – ҳәа азгәеиҭеит Сақаниа.

Аԥсны акультуреи, аҭоурыхтә-культуратә ҭынха ахьчареи рминистр Ельвира Арсалиа лажәақәа рыла, макьана Аҳәынҭқарратә галереиа аиҭашьақәыргыларазы аҳәынҭқарра аԥара азоунамыжьӡацт.

"Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара 2010-2013 акомплекстә план ахь атеатрқәеи, акультуратә ҩнқәеи, амузеи реиҭашьақәыргылара алаҵан. Агалереиеи амузыкатә ҵараиурҭеи уи аплан ахь иаҵанамкӡеит", – лҳәеит аминистр.

Сурам Сақаниа иазгәеиҭеит ахыбра аҟамзаара иахҟьаны аусумҭақәа рцәыргаразы алшара шрымам атәы. Асахьатә галереиа афонд аамҭала иҵәахуп.

"Иахьа ҳара иҳамаӡам алшара ҳмилаҭтә мал адунеи арбара. Иҳамоу аусумҭа лыԥшаахқәа адунеи иалхәдаауп", – иҳәеит Сақаниа.

Иара иажәақәа рыла, есышықәса агалереиа аретроспективтә, атематикатә цәыргақәҵақәа мҩаԥнагоит, уи абзоурала агалереиа афонд аҟны аусумҭақәа еизҳауеит, аха ареволиуциа ҟалаанӡатәи ахыбра аҟны аҭыԥ маҷхеит.

Сурам Сақаниа иажәақәа рыла, уи апроблема азымхозшәа иацлеит ҽакгьы, ааԥын ааира иаццәырҵуеит ахәаҷа-маҷақәа, урҭ асахьақәа аԥхасҭа рзыруеит.

"Ахәаҷа-маҷақәа аԥхасҭа ҟарымҵарц азы асахьақәа аус рыдулатәуп. Аусумҭақәа рыхьчара ҳҽазаҳшәоит. Москвантәи аиҭашьақәыргылаҩ даҳзаахьан, аусумҭақәа рыхьчаразы аконсультациақәа ҳаиҭеит. Ҳгалереиа аусзуҩы  — арестовратор Питерҟа дҳашьҭхьеит, аха урҭқәа азхаӡом", – иҳәеит Сақаниа.

Ельвира Арсалиа лажәақәа рыла агалереиа азы 1999 шықәсазы Пушкин имҩа аҟны игылоу ахыбра азалхын.

"Акыр ҵуеит уи атема ҳалацәажәоижьҭеи, избан акәзар ҳахьтәы фонд иахьа ишәарҭароу аҭыԥ аҟны иҵәахуп", – лҳәеит Арсалиа.

Агалереиа афонд аҟны иҵәахуп Александр Чачба-Шервашиӡе, Варвара Бубнова, Владимир Контарев, Марина Ешба, Иура Чкадуа уҳәа аԥсуа мастерцәа русумҭақәа.

1992-93 шықәсқәа рзтәи Аџьынџьтәылатәи еибашьраан Асахьатә галереиа ахыбра ааха ӷәӷәа аиуит. Агалереиа афонд Аҟәатәи Ацәыргақәҵатә Зал Хадахьы ииаган.

Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә асахьатә галереиа аҭоурых 1964 шықәса мшаԥы 17 рзы иалагеит. Усҟан Аԥсны аминистрцәа реилазаара Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә музеи афилиал аҳасаб ала аартра аӡбеит. Агалереиа аартын усҟан еицырдыруаз аҳақьым Иезекиль Фишков иҩнаҟны. Иара аҿыханҵатә ҟазара бзиа избоз аӡә иакәын, аԥсуа сахьаҭыхыҩцәа русумҭақәа рыла ишьақәгылаз иколлекциа агалереиа иазаанижьит. Иҩныаҟны акәын раԥхьатәи агалереиа ахьцәыргазгьы.

Ажәабжьқәа зегьы
0