Аӡхыҵраан аԥхасҭа зоуз ацхыраара роуеит жәабран 23 инаркны

© flickr.comАӡхыҵраан аԥхасҭа зоуз ацхыраара роуеит жәабран 23 инаркны
Аӡхыҵраан аԥхасҭа зоуз ацхыраара роуеит жәабран 23 инаркны - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
2014 шықәса, нанҳәамза 6-7 рзы ийалаз аӡхыҵраан аԥхасҭа зауз ацхыраара рыҭара иалагоит жәабран 23 инаркны.

АҞӘА, жәб 20 – Sputnik, Анастасиа Никонова. 2014 шықәса аԥхынразы иҟалаз аӡхыҵраан аԥхасҭа зауз ацхыраара рыҭара иалагоит жәабран 23 инаркны, ҳәа Sputnik акорреспондент илалҳәеит Аԥсны афинансқәа рминистр Амра Кәаранӡиа.

"Амазара хәҭак зцәыӡыз ацхыраара роуеит 120 нызқь мааҭ рҟынӡа. Аԥхасҭа ӷәӷәа зоуз 550 нызқь мааҭ рҟынӡа ацхыраара рыҭахоит", – лҳәеит аминистр.
Кәаранӡиа лажәақәа рыла, аӡхыҵра иахҟьаны аԥхасҭа зоуз рсиа шьақәыргылоуп.

"Афинанстә цхыраара аиуразы иаҭахуп аԥхасҭа шыҟалаз зыршаҳаҭуа адокументқәа реиқәыршәара. Еидкылоу адокументқәеи, Аԥсны атәылауаҩшәҟәи Сбербанк ахаҭарнакра аҟны идырбатәуп", — азгәалҭеит Кәаранӡиа.

Нанҳәымзазы иҟалаз аӡхыҵра иахҟьаны аԥхасҭа зоуз ацхыраара рыҭахоит Аԥсны ахада ирезервтә фонд аҟынтә. Уи азы аҳәынҭқарра ахада Рауль Ҳаџьымба ақәҵара инапы аҵаиҩит 2015 шықәса жәабран 18 рзы.

Аԥсны афинансқәа рминистррахь арзаҳалқәа 700 нашьҭын, урҭ рахьтә 600 аҳҭнықалақь аҟынтәи инеит. Иҟалаз аӡхыҵра ааха рнаҭеит Аҟәа, Гәдоуҭа, Гәылрыԥшь араионқәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0