АҞӘА, жәб 21 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсуа литература ашьаҭаркҩы Дырмит Гәлиа иира амш аҽны Аԥсны Ашәҟәҩҩцәа Реидгылеи, Ашәҟәыҩҩцәа рассоциациеи, атәыла ахадареи ауаажәлари ашәҭқәа шьҭарҵоит уи ибаҟаҿаԥхьа. Анаҩс, ашәҟәыҩҩы илитературатә-мемориалтә музеи аҟны агәалашәаратә хәылԥазы мҩаԥысуеит. Иқәгылоз, апоет иажәеинраалақәа еиҭарҳәоит, ирҿиамҭақәа рҟынтәи ацыԥҵәахақәа ирыԥхьоит, ашәҟәыҩҩы ду иҭынха иалацәажәоит.
"Сгәы иаанагоит, аамҭа цалацԥхьаӡа аҿыц биԥарақәа Дырмит Гәлиа ирҿиаратә хаҭара даҽа ган ҿыцқәак рыла иаадыртлоит ҳәа, убриаҟара уи ибаҩхатәра аҳәаақәа ҭбааҭыцәуп, иҵаулоуп", — лҳәеит Дырмит Гәли илитературатә-мемориалтә музеи адиректор Наҭелла Џьичаева.
Аԥсны ахада иқәҵарала ииасыз 2014-тәи ашықәс аԥсуа литература ашьаҭаркҩы Дырмит Гәлиа ихьӡала имҩаԥысит. Апоет игәалашәара иазкыз ауснагӡатәқәа Аԥсны араионқәа зегь рҟны имҩаԥысит. Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа реидгылеи, Ашәҟәыҩҩцәа рассоциациеи арҿиаҩцәа злахәыз аиԥыларақәа ашколқәа рҟны еиҿыркаауан. Аҳәынҭқарратә телехәаԥшраҿы Гәлиа ихьӡала ауаа идырбан адырраҭара ҷыдақәа, абас еиԥш иҟаз аусхкқәа рацәаны имҩаԥган.
Дырмит Иасыф-иԥа Гәлиа (1874-1960) – аԥсуа литература ашьаҭаркҩы, жәлар рпоет, ауаажәларратә усзуаҩ. Иара убас, Аԥсны аҭоурых иазку азҵаарақәа рыҭҵаара раԥхьаӡакәны нап азаркыз иара иоуп. Раԥхьатәи аԥсуа газеҭ "Аԥсны" редактор хадас иамаз, раԥхьаӡатәи аԥсуа театралтә гәыԥ еиҿызкаазгьы Дырмит Гәлиа иоуп.