00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
Новости 14.00
Главные темы
14:05
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:36
10 мин
18:00
30 мин
18:30
30 мин
21:00
30 мин
21:30
30 мин
08:00
30 мин
08:30
31 мин
13:00
30 мин
On air
13:30
31 мин
On air
18:00
30 мин
On air
18:30
30 мин
On air
21:00
30 мин
On air
21:30
30 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Аԥсны ақьырсианцәа ачгара ду иҵалеит

© Sputnik Томас ТхайцукАҟәатәи акафедралтә уахәама
Аҟәатәи акафедралтә уахәама - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ачгара ду - зегьы иреиҳау, насгьы зеилагара ҟамло ҿбаароуп, уи аамҭазы ақьырсиан динхаҵаҩцәа Амшаԥ ныҳәа ду аԥылара рҽазыҟарҵоит.

АҞӘА, жәб 23 — Sputnik. Аԥсны ақьырсиан динхаҵаҩцәа ачгара ду иҵалеит, иҳәеит Аҟәатәи акафедралтә уахәама аԥшьаҩы аигумен Афанаси.

"Иаса Қьырса ихаҭагьы ҩынҩажәа мшы дычгон, акгьы ифомызт, акгьы ижәуамызт. Иахьагьы ауаа изларылшо ала иара иеиԥш уи ақәныҟәара рҽазыршәоит", — иҳәеит аб Афанаси.

Иара иажәақәа рыла, аҽбаара актәи амчыбжь азы ауҭраҭыхи, ашәыри, ачеи аӡи роуп иуфар иҟало, ахәша злоу акгьы ухы иаурхәар ҟалаӡом. Ачгараан акырӡа аҵанакуеит доуҳалатәи аҽрыцқьарагьы, агәнаҳа ҟауҵар ҟалаӡом.

"Зегьы урзыразхароуп, урнаалароуп. Ачгараан есымша аасҭа ақьиара аарԥшлатәуп, арыцҳацәа акрырҿаҵалатәуп. Ауаҩы дычгеит ҳәа иҩнуҵҟа ацәымӷа аанхар, уи акгьы аанагаӡом", — иҳәеит аб Афанаси.

Аҿбаара ауаҩы игәабзиаразгьы ихәарҭоуп, ашықәснтәарак еизаз атоксинқәа рҟынтә дарыцқьоит.

Аигумен Афанаси иажәақәа рыла, аҵыхәтәантәи жәашықәса рыла ауахәама иаҭаауа адинхаҵаҩцәа рхыԥхьаӡара  хынтә иазҳаит, еиҳаракгьы аҿар рыбжьара.

Ажәабжьқәа зегьы
0