Украина Арада Урыстәылатәи аинформациатә маҵзурақәа русура ааныркылоит

© Sputnik / Александр Максименко / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЗаседание Верховной рады Украины. Архивное фото.
Заседание Верховной рады Украины. Архивное фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Донбасс аоперациа ҷыда хыркәшахаанӡа, Украина аиҳабыра рҟны аккредитациа ззаанкылоу аинформациатә маҵзурақәа рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп шәкы инареиҳаны Урыстәыла иҭаҩу ателеканалқәеи, аинформациатә агентрақәеи, арадиостанциақәеи.

АҞӘА, жәб 24 — Sputnik. Украина иреиҳаӡоу Арада аусбарҭахь Украина ашәарҭадаратә маҵзура иазнархиаз урыстәылатәи аинформациатз маҵзурақәа рсиа нарышьҭит, урҭ раккредитациа аанкыларазы амеханизмқәа реиқәыршәаразы, ҳәа РИА Новости иазаалыцҳаит апарламент апресс-маҵзура аиҳабы Викториа Шведова.

Иҳаҩсыз амчыбжь азы Украина Ашәарҭадаратә мҵзура ишьақәнарӷәӷәеит Донбасс аоперациа ҷыда хыркәшахаанӡа, Украина аиҳабыра рҟны аккредитациа ззаанкылоу, Урыстәыла иҭаҩу  аинформациатә маҵзурақәа рсиа. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп шәкы инареиҳаны ателеканалқәеи, аинформациатә агентрақәеи, арадиостанциақәеи. Жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзура "Урыстәыла иахьа" назлоу егьырҭ урыстәылатәи ателехәаԥшратә каналқәа зегьы, аканал "Дождь" ада.

"Асиа иацы иҳауит (ашәахьаҽны)… Аккредитациа аанкылара амеханизмқәа аус рыдулара ҳаҿуп", — лҳәеит Шведова.

Ажәабжьқәа зегьы
0