Жәлар Реизара адепутатцәа Аԥсны 2015 шықәсазтәи абиуџьет рыдыркылеит

© Sputnik Томас ТхайцукЖәлар Реизара адепутатцәа Аԥсны 2015 шықәсазтәи абиуџьет рыдыркылеит
Жәлар Реизара адепутатцәа Аԥсны 2015 шықәсазтәи абиуџьет рыдыркылеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жәлар Реизара адепутатцәа аҳәынҭқааразы ихадоу афинанстә документ рыдыркылеит.

АҞӘА, жәб 25 – Sputnik, Роберт Џьопуа. Жәлар Реизара адепутатцәа 2015 шықәсазтәи Аԥсны абиуџьет иахьа ирыдыркылеит.

"Абиуџьет адкылара мариамкәа имҩаԥысун, ихьшәангьы ирыдыркылеит. Уи зыхҟьаз ихадоу афинанстә документ Урыстәыла афинанстә цхыраара иахьадҳәалоу ауп. Аганқәа аилацәажәарақәа мҩаԥыргон", — ҳәа Sputnik акорреспондент иеиҳәеит Жәлар Реизараҟны абиуџьети, акредиттә еиҿкаарақәеи, ашәахтәқәеи афинансқәеи рзы акомитет аиҳабы Гьаргь Агрба.

Адепутат иажәақәа рыла, афинанстә документ хада асоциалтә хырхарҭа амоуп, абиуџьет аиҳарак аҳәынҭқарратә усзуцәа руалафахәқәа рахь ишьҭхоит. Гьаргь Агрба иазгәеиҭеит адокумент адкылара шхымԥадатәииз. Убри аангьы адепутат иҳәеит иаҭахны иҟалозар абиуџьет аԥсахрақәа шалагалахо.

2015 шықәсазы аҳәынҭқарратә биуџьет 11,7 миллиард мааҭ рыла ишьақәгылоуп, урҭ рахьтә 9 миллиардк Урыстәыла иҟанаҵаз финанстә цхыраароуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0