АҞӘА, жәб 26 – Sputnik, Наала Аҩӡԥҳа. Астратегиатә ҭҵаарақәа рцентр аусуаҩцәа азҵаара зырҭаз Аԥсны ауаажәлар рҟынтә 32% ргәы иаанагоит ачынуаа ркоррупциатә шьаҿақәа роуп ҳәа Аԥсны аҿиара иаԥырхагоу. Абри атәы Sputnik акорреспондент иалҳәеит "Аԥсны 2025 шықәсанӡа асоциал-економикатә ҿиара" авторцәа ируаӡәку Хатуна Шаҭԥҳа.
"Ҳара иҭаҳҵаауан ашәшьыраҿ иҟоу аекономика, ҳметодика алагьы иҳауз адыррақәа рыла уи аҩаӡара ВВП аҟнытә 53%-нӡа инаӡоит", — лҳәеит Шаҭԥҳа.
Асоциологиатә ҭҵаара мҩаԥган Аԥсны ақалақьқәа зегьи 90 қыҭеи рҟны. Аҭҵаара иалагаанӡа аусуратә гәыԥ иаӡбеит аекономикеи асоциалтә ҭагылазаашьеи рзы иҟоу астатистикатә дыррақәагьы ахархәара рызузарц.
"Ҳзыҿцәажәоз ауаа ҳрыҳәон рыԥсҭазаара аҩаӡара ахәшьара арҭарц, насгьы уадаҩра хадақәас ирымоу рҳәарц. Астратегиа аус адулараан ҳара иҳаҩҳмыжьыр ауп ауаа ргәаанагара. Уи заҳаҩуа ауаа рзоуп, раԥхьа иргыланы уи дара рзы еилкаазар ауп, иагьрыхәозар ауп", — лҳәеит Шаҭԥҳа.
Асоциологиатә ҭҵаара алҵшәақәа Аԥсны зегьы иҟоу аҭагылазаашьа аанарԥшуеит ҳәа лгәы иаанагоит аҵарауаҩ.
"Азҵаара рыҭан 1618-ҩык ауааԥсыра. Убри аан аҭҵаара 1% аусура зылшо ауаа алахәын", — лҳәеит Шаҭԥҳа.
"Аԥсны 2025 шықәсанӡа асоциал-економикатә ҿиара" аҭҵаарақәа мҩаԥнагалоит даҽа хымз, усҟан апроек авторцәа Аԥсны жәа-шықәса аҿиара асценари шьықәдыргылоит.