Лаврови Риадо аль-Малики палестина-израильтәи аусқәа ирылацәажәеит

© Sputnik / Евгений Биятов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраУрыстәыла Адәныҟатәи Аусқәа Рминистр Сергеи Лавров. Архивтә фото.
Урыстәыла Адәныҟатәи Аусқәа Рминистр Сергеи Лавров. Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистри Палестинатәи уи иколлегеи Палестинеи палестино-израильтәи еизыҟазаашьақәеи рзы ргәаанагарақәа еибырҳәеит.

АҞӘА, жәб 25 – Sputnik. Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров Палестинатәи иколлега Риад аль-Малики иареи палестина-израельтәи аилацәажәарақәа реиҭалагалара аперспективақәа ирылацәажәеит, абри атәы РИА Новости иаанацҳауеит.

"Урыстәылатәи афедерациа адәныҟатәи аусқәа рминистр С.В.Лавров жәабран 25 Палестина Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Р.Малики Москва  еиқәшәеит. Р. Малик Аисламтә усеицуратә хеилак аминистртә еимадаратә гәыԥ аделегациа далан дааит", – ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрра.

Палестинеи палестина-израильтәи аизыҟазаашьақәа рзы ргәаанагарақәа еимырдеит. Урыстәылатәи аганахь ала иааигәоу мрагыларатәи аҭынчратә процесс аҭагылазаашьеи палестина-израильтәи аизыҟазаашьақәа рырҿыцреи хьаас иркуп, абри атәгьы арбоуп аҳәамҭаҿы.

Палестина атәылауаа уажәазы иаанакылоу аҭышәынтәыларатә процесс аҩнуҵҟа, ихьыԥшым ҩ-ҳәынҭқаррак рҳәаақәа 1967 шықәсазы фымыш ицоз аибашьра аамҭазы иҟаз аҳәаақә рырхынҳәра атәы иаҳәоит. Аӡиас Иордан мраҭашәаратәи агани сектор Газеи рҟны рхатә ҳәынҭқарра ашьақәыргылара ргәиҭоуп, Мраҭашәаратәи Иерусалим акәзар аҳҭнықалақь алырхыр рҭахуп. Израиль 1967 шықәсазы иҟаз аҳәаақәа рырхынҳәра мап ацәыркуеит, еиҳарак Иерусалим арабцәа рыцеҩшара.

Уи амш аҽны Сергеи Лавров Египет аҳәаанырцәтәи аусқәа рминистр Самех Шукри иареи реиԥыларагьы мҩаԥысит.

"Сириеи Ливиеи иара убас Палестина арегионалтә проблемақәеи аҭагылазаашьақәа рзы агәрагаратә гәаанагарақәа реимадара мҩаԥысит. Урыстәылеи Египети Мрагылара Ааигәеи акризистә ҭагылазаашьа арҽеиразы аҩ-ганк иааигәаны аизыҟазаашьақәа рышьақәыргылара ишазыҟоу атәы аадырԥшит", – ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрра.

Ажәабжьқәа зегьы
0