Кәыҵниа: Донецк иаабаз ажәала аиҭаҳәара уадаҩуп

© Sputnik / Михаил Воскресенский / Амедиаҵәахырҭахь аиасраКәыҵниа: Донецк иаабаз ажәала аиҭаҳәара уадаҩуп
Кәыҵниа: Донецк иаабаз ажәала аиҭаҳәара уадаҩуп - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрра аусзуҩцәа Донецк рыҟазаара иалагӡаны ирбеит аибашьра амшала иҟәыбасан иҟоу ақалақьқәа.

АҞӘА, хәжәк 2– Sputnik, Роберт Џьопуа. Ақалақьқәа Углегорски Дебальцевои иаабаз аибашьра алҵшәақәа реиҭаҳәара уадаҩуп, иҳәеит аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистр Лев Кәыҵниа Донецкынтә даныгьежь ашьҭахь.

"Еибгоу аҩны убом уаҟа, ақалақь зегь рбгоуп. Хәыҷгьы-дугьы иахьа-уажәраанӡа ахысрақәа ирыцәшәоит, уи аҟнытә аҩнқәа рыҵаҟа рҽырҵәахуеит. Иаабаз анырра ӷәӷәа ҳнаҭеит, ҳцәа ҳҭанырӡыӡааит", — иҳәеит аминистр.

Лев Кәыҵниа иажәақәа рыла, Углегорски Дебальцовои аҭагылазаашьа даара иуадаҩуп. Уи иазгәеиҭоит ақалақьқәа рҟны афатә шмаҷу, аинфраструктура рбганы ишыҟоу. Дебальцево аибашьра иалагаанӡа 40 нызқьҩык ауаа нхон, аибашьра ашьҭахь инхаз ҩ-нызқь инархыҳәҳәоит оуп.

Дебальцево ақалақь аиҭашьақәыргылара иалагеит

"Ақалақьқәа рҟны иргылоуп арратә палаткақәа. Урҭ рахьтә иҟоуп аҽыкәабарҭақәа ахьыҟоу. Ауаа акрырфартә, рымчқәа ҭарҵартә аҭагылазаашьа рымоуп аҭагылазаашьа рымоуп. Ақалақь аҟны инхаз ауааи аиқәырхаҩцәеи еицхырааны аибашьра иннажьыз арбгарақәа реилыргара иаҿуп.

Лев Кәыҵниа иазгәеиҭеит Донецки Лугански агәыҳалалратә цхыраара рыҭара аҵак ду шамоу. Уи иажәақәа рыла, ауаа реиқәырхаразы иарбан цхыраазараалакгьы акраҵанакуеит.

2014 шықәсазы аминистрра аусзуҩцәа аибашьра ахьцоз аҭыԥқәа рҟынтә ахҵәацәа ралгара иалахәын. Пхынҷкәынмзазы Донецки Лугански ирықәынхо ауааԥсыра ирзышьҭын агәыҳалалратә цхыраара.

Аԥсны аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрра асабша Аԥсныҟа Донецкынтәи ԥсшьара ҳәа иааргеит ҩажәеихҩык ахәыҷқәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0