Асҭамыр Апба Аԥсны ахада иусбарҭа аиҳабы ихаҭыԥуаҩыс дҟаҵоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукАхада иусбарҭа ахыбра. Архивтә фото.
Ахада иусбарҭа ахыбра. Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Рауль Ҳаџьымба иусбарҭа аиҳабы ихаҭыԥуаҩыс иҟаҵоу Асҭамыр Апба аусбарҭа аколлектив дыдирдырит.

АҞӘА, хәжәк 2 – Sputnik, Роберт Џьопуа. Астамур Апба Аԥсны Ахада иусбарҭа аиҳабы ихаҭыԥуаҩс далхын ашәахьа, абри атәы аалыцҳауеит аҳәынҭқарра ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩ  Хьыбла Возба.

"Аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит Асҭамыр Апба ипрофессионалтә ԥышәа, иара убас аиуристи анапхгаҩи идыррақәа шимоу атәы", – лҳәеит Возба.

Апресс-маӡаныҟәгаҩ лаацҳамҭаҟны иазгәаҭоуп, аусбарҭа анапхгаҩы Асҭамыр Ҭаниа алҵшәа бзиа зауа аусеицуразы агәыӷра шааирԥшыз.

"Асҭамыр Апба аусуратә ԥышәа ду имоуп, Аԥсны Иреҳаӡоу Асовет аҟны аусура далагахьан, Ҳконституциа еиқәзыршәоз рхыԥхьаӡараҟны дыҟоуп. Ахада иҿаԥхьа иқәиргылало аусқәа реилыргаразы имчи, илшареи изхап ҳәа сгәыӷуеит", – иҳәеит Ҭаниа.

Асҭамыр Апба Ахада игәра хьигаз азы иҭабуп ҳәа иаиҳәеит.

Асҭамыр Апба Аусбарҭа аиҳабы ихаҭыԥуаҩс Рауль Ҳаџьымба иқәҵара 2015 шықәса жәабран 26 рзы иоужьын.

Асҭамыр Шаликәа-иԥа Апба диит 1968 шықәса цәыббра 2 рзы Аҟәа ақалақь. Н.А. Лакоба ихьӡ зху Аҟәатәи абжьаратә школ № 10 (Ашьхарыуаа рышкол) далгеит. 1990 шықәсазы Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет аҭоурых-иуристтә факультет далгеит азин-ныҟәгара азанааҭ ала. 1991 – 1995 шықәсақәа рзы Аԥсны АССР Иреиҳау Асовет азакәанԥҵаратә азҵаареи азинеилыргареи рзы аҟәшақәа рҟны референтс дыҟан.

1992 – 1993 шықәсқәа рзы Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра далахәын. 1995 шықәса инаркны 2002 шықәсанӡа Аҳәынҭқарра Ахада иусбарҭа азинтә зҵаарақәа рсектор маӡаныҟәгаҩыс аус иуан. 2002 шықәса инаркны 2004 шықәсанӡа Аԥсны аҳәынҭқарратә комитет аҟны аус иуан. 2004 шықәсазы – аҳәынҭқарра алхратә комиссиа хада амаӡаныҟәгаҩыс далхын. 2006 шықәсазы –ООО "Аквафон GSM" иуристс дыҟан. 2009 шықәса инаркны 2015 шықәсанӡа – "Аквафон GSM" азинтә зҵаарақә рдепартамент аҟны аус иуан.

Ажәабжьқәа зегьы
0