АҞӘА, хәжәк 3 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны ақыҭанхамҩа аминистр Рафик Оҭырба иажәақәа рыла, арендатә еилаӡарақәа аиҭарыхәаԥшра рҭахуп, иагьарбатәуп ацитрустә баҳчақәа рырҿиара азҵаара. Абри атәы аминистр Sputnik акорреспондент иеиҳәеит.
Ақыҭанхамҩа аминистр иажәақәа рыла, иҟоу аҭагылазаашьа аԥсахразы, ақыҭанхамҩа аминистрра агәы иҭоуп алеишәа арӷәӷәара ари азҵаара ала.
"Ҳара ҳаиҭарыхәаԥшроуп иҟоу арендатә еилаӡарақәа, урҭ ирылагалатәуп ихымԥадатәиу ахәҭаҷ — ацитрустә баҳчақәа рырҿиара азгәазҭо. Иаҳҳәап, 100 гектарк ацитрустә баҳча қьырала (арендала) игазар, жәа-гектарк адгьыл аҟны аҿыц ҵлақәа реиҭаҳара аҭахуп", — иҳәеит Оҭырба.
Аминистр иазгәеиҭеит, ацитрустә баҳчақәа рҭагылазаашьа акыр иуадаҩуп, арендаторцәа реиҳараҩык ацитрустә баҳчақәа дырҿиом, ацитрустә шәырқәа рхаҭабзиарагьы еиҵахоит ҳәа.
Ацитрустә баҳчақәа реиҭарҿиаразы урҭ техникала еиқәыршәазароуп.
Рафик Оҭырба иҳәеит анхацәа рыбжьара ацитрустә нхамҩа аҭагылазаашьа акырӡа ишеиӷьу.
"Анхацәа ацитрутә ҵлақәа иахәҭоу ахылаԥшра рырҭоит, убри аҟнытә аҭагылазаашьа акыр иеиӷьуп. Сынтәа анхацәа иаадрыхит 30 нызқь тонна ацитрустә шәырқәа", — иҳәеит аминистр.
1992-1993 шықәсқәа рзы Аԥсны иҟан ф-нызқь гектар цитрустә баҳча, иахьа 1200 гектар рҟынӡа.