АҞӘА, хәжәк 4 — Sputnik, Наала Аҩӡԥҳа. Аԥсны раԥхьатәи Ахада Влаӡислав Арӡынба игәалашәаратә амш аҽны ауаажәларратә, аполитикатә усзуҩы Станислав Лакоба аҭҵаареи аплитикеи аҟны Арӡынба аус ицызуоз, игәалашәарақәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит.
Станислав Лакоба 1989 шықәсатәи ақырҭуа-аԥсуа еиҿагылара игәалаиршәеит, усҟан Влаӡислав Арӡынба Асовет Еидгыла анапхаҩцәеи иареи аилацәажәарақәа мҩаԥыргон, аҭынчра аагаразы.
"Аибашьра алагоит ҳәа ашәараҭара усҟангьы иҟан. Аха Арӡынба иусуреи ихымҩаԥгашьеи ирыбзоураны аконфликтқәа аанкылан", – азгәеиҭеит Лакоба.
Уи апериод азы, Станислав Лакоба излеиҳәо ала, Асовет Еидгыла Иреиҳаӡоу Асовет адепутатс даныҟаз Москва КГБ архив ахь днышьҭын, уи абзоурала еиуеиԥшым аматериалқәа, Сталин ихаантәи арепрессиақәа уахь иналаҵаны, аус рыдиулартә аҭагылазаашьа иоуит.
"Уи аамҭа иалагӡаны напыла ихҩылааны ианиҵеит акыр хра злаз аматериалқәа. Урҭ адокументқәа аӡәгьы ирҭаӡомызт, напыла ианиҵеит. Дазусҭазаалакгьы аԥсуа урҭ ақьаадқәа ила иамбаӡацызт", – иҳәеит Лакоба.
Уи архив ду аҟны Арӡынба иԥшааит "Ефрем Ешба иус", "Лакоба иус", Нестори уи иҭаацәеи ирызкыз, "аԥсуа арԥысцәа рус" – 1941 шықәса ԥхынгәы 28 рзы Москва ишьыз.
"Урт ақьаадқәа иҭахны аус рыдиуылон, еиликаауан даҽазны урҭ рахь дшынашьҭымхоз. Аматериал рацәаны еизигеит – томла иукьыԥхьыша, иҟалап зқьы инареиҳаны напыла ихиҩылаазар", – еиҭеиҳәеит Лакоба.
Влаӡислав иԥшӡаны дыҩҩуан, Нестор иҩышьа еиԥшын уи инапҩырақәагьы.
Станислав Лакоба иазгәеиҭеит Арӡынба даараӡа ибзианы адокумнтқәа аус рыдулашьа шидыруаз. Арӡынба даналитик дуун, убри аҟнытә егьырҭ шамахамзар ирызгәамҭоз акыр иара иаразнакала ибарҭан.
"Сара изгәалашәом документк шьаҭанкыла иҭиимҵаакәа идикылахьан ҳәа. Апарламент аҿы акы анырыӡбоз, ахы инаркны аҵыхәанӡа апроектқәа дрыԥхьон. ашәҟәқәа хианы ианиҳарбоз, зны-зынла убас аус аредакциа иахижьуан, иахьеибгоу ҭыԥк аанхомызт. Аҳәынҭқарра ахада адокументқәа аус рыдулашьа идыруазароуп", — иҳәеит Лакоба.
Арӡынбеи Лакобеи лассы-лассы аҭоурых иалацәажәон. Арӡынба ажәытә мрагыларатәи аҭоурых азы дыспециалистын, аха XIX-XX-тәи ашәышықәсазтәи аҭоурыхгьы дазҿлымҳан.
"Машәырны иҟамлеит ҳәа сгәы иаанагоит 1992 шықәсазы 1925 шықәсазтәи Аконстиуциа ахьҳадаҳкылаз, уи ахәҭаҷқәа руак аҿы иаҳәон Аԥсны — зхы иақәиҭу ҳәынҭқарроуп ҳәа", — азгәеиҭеит Лакоба.
Станислав Лакоба излаиԥхьаӡо ала, Арӡынба аҭоурыхҭҵаара дахьаҿыз даара ихәеит уи иполитикатә хырхарҭаҿгьы. Аҭоурых адырра ицхраауан еиуеиԥшым ахҭысқәа ԥеиԥшс ироур иҟало аилкааразы.
Раԥхьатәи Аԥсны ахада диит 2945 шықәса лаҵарамза 14 рзы, Ешыра ақыҭан. Занааҭла дҭоурыхҭҵааҩын аҟнытә уи акыршықәса Москва Мрагылараҭҵаара аинститут аҟны аус иуан. 1987 шықәсазы Владислав Арӡынба Аԥсныҟа дхынҳәит, хара имгакәа Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет ахантәаҩыс дҟалеит. Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатәи еибашьраан арбџьармчқәа напхгара рзиуан, ҳархәҭақшәа дырԥызан Аԥсны аиааира азааигеит. 1994 шықәсазы Владислав Арӡынба Аԥсны раԥхьатәи ахадас далхын, 1999 шықәсазы — ари амаҵурахьы деиҭалхын.
Владислав Арӡынба иԥсҭазаара далҵит 2010 шықәса хәжәкырамза 4 рзы, 65 шықәса дшырҭагылз. Анышә дамадан иқыҭа гәакьа Ешыра, Гәымсҭатәи афронт аҟны иҭахаз аибашьцәа рывараҿы.