Ладариа: Риҵатәи аҳәырԥсарреи афонтәи аҳаԥи Гәдоуҭа араион иацхраароуп

© Sputnik Бадрак АвидзбаВстреча Рауля Хаджимба с жителями Гудауты
Встреча Рауля Хаджимба с жителями Гудауты - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахадара Гәдоуҭатәи араион аӡымҩангага система аиҭашьақәыргылара 38 миллион мааҭ азылнахит, амҩақәа рзы – 24 миллион мааҭ, иҳәеит Гәдоуҭа араион ахада.

ГӘДОУҬА, хәжәк 5 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Гәдоуҭа араион аекономика даара икаҳаны иҟоуп, уи ашьҭыхразы Риҵатәи амилаҭтә ҳәырԥсарреи Афонҿыцтәи аҳаԥи рҟынтә араион абиуџьет ахь ашәахтәқәа алалозароуп, иҳәеит Гәдоуҭа араион ахада Руслан Ладариа Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымбеи Гәдоуҭа араион ауааԥсыреи реиԥылараҿы, аԥшьашаҽны.

"Ҳара аҳәынҭқарра ахадара рахь ааԥхьара ҟаҳҵеит Риҵеи Афонҿыцтәи аҳаԥи ирҭауаа аӡәыцыԥхьаӡа рҟынтә шәкы-шәкы мааҭ араион абиуџьеи иалало иҟарҵарц азы. Ҳгәыӷуеит ҳажәалагала ақәҿыҭра аиуп ҳәа", – иҳәеит иара.

Руслан Ладариа излаиԥхьаӡо ала, ас еиԥш иҟалозар араион аекономика аизҳара акыр ианыԥшуеит.

Ладариа иазгәеиҭеит иара убас, араион аҿы аӡазы апроблемақәа шыҟоу, амҩақәа шҽеим, аха арҭ азҵаарақәа рыӡбараҿы атәыла анапхгара ацхыраара аҟаҵара ргәы иҭоуп ҳәагьы ациҵеит.

"Атәыла ахадара аӡымҩангага система арҿыцразы 38 миллион мааҭ азылнахит, амҩақәа реиҭашьақәыргыларазы – 24 миллион мааҭ", – иҳәеит Ладариа.

Ладариа дырзааҭгылеит араион аҿы имҩаԥысуа аиҭакра бзиақәагьы.

Рауль Ҳаџьымбеи Гәдоуҭа араион ауааԥсыреи реиԥылара иалахәын араион ахада Руслан Ладариеи, Жәлар Реизара ахантәаҩы Валери Бганбеи, Ахада иусбарҭа аиҳабы Асҭамыр Ҭаниеи, ахада иҟны еиҿкау аексперртә хеилак аиҳабы Иракли Хынҭәбеи, араионтә еизара адепутатцәеи алархәны.

Ажәабжьқәа зегьы
0