https://sputnik-abkhazia.info/20150306/1014079342.html
Чик хәыҷы Мухус ахи-аҵыхәи еимидоит
Чик хәыҷы Мухус ахи-аҵыхәи еимидоит
Sputnik Аҧсны
Фазиль Искандер ирҿиамҭақәа рҟны Мухус адунеи ааирԥшит. Ашәҟәыҩҩы афилософ қәыԥш Чик иблала аԥсҭазаара акәамаҵамарақәа ҳирбеит. 06.03.2015, Sputnik Аҧсны
2015-03-06T17:10+0300
2015-03-06T17:10+0300
2015-03-10T09:45+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/101407/80/1014078060_0:0:6017:3385_1920x0_80_0_0_3087db232bca7f5981d85143f5c21530.jpg
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2015
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/101407/80/1014078060_108:0:5463:4016_1920x0_80_0_0_dd802c27d43d34334239af3d02ac16fc.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
афотосахьақәа, ажәабжьқәа
афотосахьақәа, ажәабжьқәа
Чик хәыҷы Мухус ахи-аҵыхәи еимидоит
17:10 06.03.2015 (ирҿыцуп: 09:45 10.03.2015) Фазиль Искандер ирҿиамҭақәа рҟны Мухус адунеи ааирԥшит. Ашәҟәыҩҩы афилософ қәыԥш Чик иблала аԥсҭазаара акәамаҵамарақәа ҳирбеит.
Ахаан Аԥсны иҟамыз аԥхьаҩ изымдыруазар ҟалап Мухус аҭыԥқәеи афырхацәеи иахьа уажәраанӡагьы рацәак рҽеиҭарымкыкәа ишыҟоу. Аҟәа уналс-аалсыр, Искандер и-Чик бзиа ибаны дызҭаауаз аҭыԥқәа маҷымкәа иуԥылоит.

Чик дахьынхоз аҩны. Араҟа абарҵаҿы, агәар зегь ахьубарҭаз аҟнынтә еимҟьаны иаарту аԥенџьыр аԥхьа Чик иаҳәшьаду атәара бзиа илбалон. Ари аҭыԥ "акапитантә цҳа хәыҷы" ҳәа иашьҭан.

Ари амшын абаӷәаза аҵыхәан Чик иаб иашьа аԥсыӡ икуан, ҵәаҳәда иҟаз иҵәгәыр ала.

Аресторан "Амра" ахьгылоу аҭыԥ аҟны Чик ихәыҷра шықәсқәа раан "Динамка" ҳәа изышьҭаз, усҟан исқьалан.

Астадион, арахь Чик иаб иашьа Риза ашьапылампыл хәмаррақәа рыхәаԥшра дааигалон.

Ари аҭыԥ аҟны Чики Бочеи ҵхагәаныла анышь иантәаланы алунатик ишьҭаланы иӡхыӡсуан. Изышьҭаз арратә санатори аҟынтә "аӷацәа" "амзаркыратә" музыкала ашпионтә хыбрахь джьаны иԥхьалон.


Чик зегь раасҭа бзиа иибоз амшын.