Ҷыҭанаа: 2015 шықәсазы Аԥсны акваториаҿ ааглыхразы аԥсыӡкра азин ҟалом

© Sputnik / Всеволод Тарасевич / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЛов рыбы
Лов рыбы - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гагра ауаажәлар амитинг еиҿыркааит ашәахьаҽны, аҭырқәа аӷбақәа Аԥсны аԥсыӡ ахьыркуа азы агәынамӡара аарԥшуа, аҳәарагьы ҟарҵеит уи аанкылазарц.

ГАГРА, хәжәк 9 – Sputnik, Саид Барганџьиа. 2015 шықәса, хәажәкыра 10 инаркны Аԥсны иаҿықәу Амшын еиқәа акваториаҿы аԥсыӡкра ҟалом, иҳәеит Гагра имҩаԥысуаз амитинг иалахәыз Аекологиеи аԥсабарахьчареи рзы Аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Савели Ҷыҭанаа.

"Уаҵәы, хәажәкыра 10 рзы, снапы аҵазыҩуеит ақәҵара, 2015 шықәсазы Аԥсны аагалыхратә ԥсыӡкра азин шыҟамло азы," — иҳәеит Ҷыҭанаа.

Гагра араион Администрациа ахада Беслан Барцыц иеизаз агәра диргеит, ауаажәлар ргәы иҵхо азҵаара аӡбаразы илшо зегь шыҟаиҵо, иара убри аамҭазы дара ринтересқәа аԥхьа иширгыло.

Гагра ақалақь ауаажәлар ишырыԥхьаӡо ала, Ҭырқәтәылатәи аӷбақәа Гагра азааигәара аԥсыӡ ахьыркуа даара ашәарҭара ацуп, урҭ русура иахҟьаны аекологиатә катастрофа ҟалар алшоит. Ари еиԥш агәаанагара имоуп иара убас, Гагра араионтә депутат Александр Сорокин.

"Абракониертә ԥсыӡкра аанкыламзар, аҭагылазаашьа аекологиатә рыцҳарахь икылсыр ауеит", — инаҵшьны иазгәеиҭеит уи.

Аекологиеи аԥсабарахьчареи рзы Аҳәынҭқарратә еилакы иҟанаҵаз  аҭҵаарақәа изларҳәо ала, Аԥсны иаҿықәу Амшын еиқәа акваториа иҭалоит 110 нызқь тонна ахамса, урҭ рҟнытә акра азин ыҟоуп 40%.

Ажәабжьқәа зегьы
0