Немцов иҭархараҿы Дадаев ихара шьақәырӷәӷәам - Садаханов

© Sputnik / Максим Блинов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраНемцов иҭархараҿы Дадаев ихара шьақәырӷәӷәам - Садаханов
Немцов иҭархараҿы Дадаев ихара шьақәырӷәӷәам - Садаханов - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Немцов иҭархаразы Дадаев ахара сыдуп ҳәа анышьақәирӷәӷәа ашьҭахь Басмантәи аӡбарҭа уи иҭакра иақәшаҳаҭхеит.

АҞӘА, хәжәк 10 – Sputnik. Борис Немцов иҭархаразы Заур Дадаев идҵоу агәҩара аҵаҵӷәы уашәшәыроуп ҳәа игәы иаанагоит Дадаев уаанӡа дукатс имаз Заурбек Садаханов.
Заур Дадаев асабша дҭаркит. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Дадаев уаанӡа аррамаҵура дахысуан абатальон "Север" аҟны Чечентәыла аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрраҿы. Адукат Заурбек Садаханов азин ирымҭеит Дадаев иҿахәы аниҿырхуаз аамҭазы уа дыҟазарц. Аусӡбара излаанацҳауа ала, Дадаев Немцов иҭархара дшалахәыз иҳәеит.

"Аӡәгьы имбаӡеит Дадаев ихара дшақәшаҳаҭу зҳәо атекст, аӡәьы имаҳаӡеит уи иажәақәа. Уи адагьы еилкаам уи ихара дшақәшаҳаҭу шидырҳәаз атәгьы. Адукат ида Дадаев иҿахәы ахьиҿырхуаз – закәанеилагароуп…", — иҳәеит Садаханов латвиатәи арадиостанциа Baltkom аҟны.

Амҽыша аусӡбара ақәшаҳаҭхеит Борис Немцов иҭархара иалахәуп ҳәа агәҩара зыдҵоу хәҩык раанкылара, агәҩара зду ауаа рыҽԥхьаркыр ҟалоит ҳәа аусҭҵаара иҟанаҵаз ажәалагала иазхәыцны.

Борис Немцов дҭархан Москва жәабран 28 ауха. Аусҭҵаара ахәаԥшуеит аполитик иҭархара зыхҟьаз еиуеиԥшым аверсиақәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0