АҞӘА, хәжәк 11 – Sputnik, Наала Аҩӡԥҳа. Аԥсны аҳәынҭқарра ахада игәаанагарала аԥсуа-аурыс ҳәаа ахысра армариара Аԥсны ахьыԥшымра иаԥырхагам. Абри атәы уи иҳәеит ахаша имҩаԥигаз апресс-конференциаҿы.
"Ҳара ахаан иаҳӡаӡомызт аҳәаа аартразы иҳамаз агәаанагара, убри аан ҿырԥштәыс иааҳгон Европа иҟоу аҭагылазаашьа. Аҳәаа аартра иаанагаӡом уи аԥыхра", — иҳәеит апрезидент.
Рауль Ҳаџьымба иажәақәа рыла, аҳәаа аартра арыцхә алацәажәара макьана изаауп, макьана зыӡбара аҭаху азҵаарақәа ахьмаҷым аҟнытә. Аҵыхәтәантәи амшқәа рзы аҳәаа иадҳәалоу азҵаарақәа ирылацәажәон Аԥсни Урыстәылеи рганқәа, ациҵеит аҳәынҭқарра ахада.
"Ари ашықәс азы аҳәаа ахысраҿы иҟалаз ауадаҩрақәа аԥсшьацәа раара аруадаҩыр ҟалоит. Ҳара ари азҵаара аӡбара ҳашьҭоуп. Ауаа аҳәаа иахзыжьуа аушьҭырҭақәа рхыԥхьаӡара иацҵатәуп, урҭ иахьа иахьмаҷу аҟнытә аҳәаа рахысра маншәалам", — иҳәеит Ҳаџьымба.
Аҳәаа аартра далацәажәо аҳәынҭқарра ахада иазгәеиҭеит, азҵаара аӡбара шалыршахо Аԥсны амшынтә ҳәаақәа анышьақәыргылахалак, иара убас, аԥсуа-ақырҭуа ҳәаа иадҳәалоу азҵаарақәа рҭыԥ ианықәҵахалак ашьҭахь шакәу. Ҳаџьымба иажәақәа рыла, Егры аҳәааҟны аушьҭырҭатә ҭыԥқәа рхыԥхьаӡара ахьырацәоу аусура иацхраауам.
"Азҿлымҳара зҭатәу аушьҭырҭақәа рхыԥхьаӡара акәӡам, урҭ рҟны имҩаԥысуа аусура ауп", — иҳәеит Ҳаџьымба.
Аҳәынҭқарра ахада иацҵаны иазгәеиҭеит асовет аамҭазы мрагыларатәи аҳәааҿы автомашьынатә аушьҭырҭаки, аихамҩатә аушьҭырҭаки шыҟаз, аха уи шазхоз ауаа уадаҩрада реиҭанеиааиразы. Ҳаџьымба игәаанагарала, ари аҳәааҿы ауадаҩрақәа зыхҟьо аушьҭырҭақәа рхыԥхьаӡара акәӡам, Гал араион аҟны амҩақәа ахьҽеим ауп.