АҞӘА, хәжәк 12 — Sputnik, Наала Аҩӡԥҳа. Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Виачеслав Чрыгба иҳәеит Аԥсны ԥсшьарҭа ҭыԥк аҳасабала арҿиара аҳәынҭқарра азы азҵаара хадақәа ишыруаку.
"Сгәы иаанагоит, Аԥсны аинвестициа бзиақәа аныҟала, Европеи егьырҭ атәылақәеи руааԥсыра рзы аԥсшьарҭа ҭыԥ хадақәа ируакхар ауеит ҳәа", — иҳәеит Чрыгба.
Аинвестициақәа рыдагьы, аминистр иажәақәа рыла, ишьҭыхтәуп иара убас, асервис.
Виачеслав Чрыгба иазгәеиҭеит, Аԥсны аԥсабаратә беиара адунеи аҿы ишеицырдыруа, уи алшара ҟанаҵоит ҳәа иԥхьаӡоит иаауа аԥсшьацәа рхыԥхьаӡара аизырҳаразы.
Адәныҟатәи аусқәа рминистр игәаанагарала, атуризм аганахь ала Аԥсни Крыми русеицура алҵшәа бзиақәа аанашьҭыр ауеит.
"Сара гәахәарыла исыдскылон Аԥснынтәи Шәачаҟа, Крымҟа акруизтә ӷбақәа рыла аимадара ҳабжьалар. Иҟалап уи ааигәа иҟалараны иҟоу ак акәзар", — иҳәеит Чрыгба.
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Виачеслав Чрыгба ипресс-конференциа мҩаԥысит аԥшьаша жәларбжьаратәи амультимедиатә преес-центр МИА "Россия сегодня" аҟны.