Захарченко: Дебальцево аҵакырадгьыл ауразоуроу аминақәа ыҵоуп

© Sputnik / Дэн Леви / Амедиаҵәахырҭахь аиасраДебальцево. Архивное фото.
Дебальцево. Архивное фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Донецк аиҳабы Александр Захарченко Дебальцево иахьаҵанакуа Украинатәи аруаа иҵарҵаз аминақәа ыҵхтәуп ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит.

АҞӘА, хәжәк 13 – Sputnik. Украина аруаа Дебальцево аҵакырадгьыл 90% аминақәа ыҵарҵеит, абри атәы иҳәеит Донецктәи жәлар рреспублика аиҳабы Александр Захарченко, ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Дебальцево жәабранмзазы украинатәи аруааи ақалақь ахьчаҩцәеи рыбжьара аиҿагыларақәа цон. Ахьчаҩцәа Дебальцево аруаа амацәаз ишҭаркыз атәы аарыцҳауан. Донецк иаанашьҭуаз аинформациа ала, Украина асолдатцәа гәыԥ-гәыԥқәа рыҽрырҭон. Жәабран 19 рзы ақалақь аҟны аиҿагыларақәа алгара ишаҿу, Дебальцево шьҭарнахыс Донецк ахылаԥшра шанаҭо атәы рҳәеит ахьчацәа. Киев ааигәа аҳәамҭа ҟарҵахьан Дебальцево алҵреи, ақалақь Артиомовск аҟны аангылареи аплан ишахәҭаку атәы.

Дебальцево ақалақь аиҭашьақәыргылара иалагеит

Донецктәи жәлар республика ахада иажәақәа рыла, Украина аруаа Дебальцево араион 90 процент иахьаҵанакуа аминақәа ыҵарҵеит. Захарченко иазгәеиҭеит ақалақь аҟны иԥымжәаз аснариадқәеи, аџьаԥҳани рыдагьы иҵоу аминақәагьы аԥыхтәуп ҳәа. Аминақәа Депо араиони аихамҩақәеи рыҟны иҵоуп, ҳәа ациҵеит Донецк аиҳабы.

Украина аиҳабыра Донбасс арегион аҟны иҟалаз аиҭакрақәа ирықәшаҳаҭымыз ауаажәлар рҿагылара иалагеит 2014 шықәса мшаԥымзазы. ООН иҟанаҵаз адыррақәа инарықәыршәаны, аиҿагыларақәа рҟны ф-нызқьҩык инареиҳаны ауаа ҭахеит. Украина аконфликт аԥыхра апроблема еиуеиԥшым жәларбжьаратәи аиԥыларақәа рыҟны иалацәажәоит, Минсктәи аимадаратә гәыԥ уахь иналаҵаны.

"Нормандтәи аԥшьба" аԥхьагылаҩцәа реиҿцәажәара Минск  жәабран 12 имҩаԥысит. Урҭ аиԥыларақәа ирылҵшәахеит жәабран 15 инаркны Донбасс аибашьра алгареи ашәарҭадартә зона аиҿкаареи.

Ажәабжьқәа зегьы
0